АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны даҽа 12-ҩык акоронавирустә инфекциа амазааразы игәарҭеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа агәаҭаразы абиоматериал арҭеит 12-ҩык атәылауаа. COVID-19 аӡәгьы идбалам", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зынӡа 38-ҩык ирыдбалоуп. Ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 35-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>