НАТО аӷбақәа Амшын еиқәа аҵакыра иҭалеит

Алианс амина-тралтә гәыԥ иалахәуп — Бырзентәыла Арра-мшынтә мчқәа иртәу иӡсо аиқәыршәаратә база "Алиакмон" (афлагман), аӡминаԥшаага "Тамбре" (Испаниа), аӷба "Гаета" (Италиа).
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. НАТО аӷбақәа Амшын еиқәа аҵакыра иҭалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ахыхьчара анапхгара Амилаҭтә центр адырра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Урыстәыла Амшын еиқәа афлот алианс аӷбақәа рыхныҟәгашьа иашьклаԥшуеит.

Амшынеиқәаҿ Урыстәыла имҩаԥнаго ганрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа НАТО иаҭакуп

Атәым ҳәынҭқаррақәа рыӷбақәа раԥхьа акәым Амшын еиқәа акваториахь иҭалоижьҭеи.  Убас, рашәарамза анҵәамҭазы арахь иааиит ЕАА афлот аесминец "Портер". Иара ахылаԥшра арҭон Аладатәи арратә округ амчрақәа.

Ԥхынгәы 1 азы Амшын еиқәа амшынтә авиациа аҳаирплан Су-27 аанкыларазы. Урыстәылатәи аҳаирпланқәа ажәҩан аҿы ацәҟьа рҽырзааигәартәит, ишьақәыргылан ЕАА АҲМ  аҳаирплан-ԥшыхәыҩ аҳауахь ихалаз ЕАА АҲМ рҳаирплан-ԥшыхәыҩ RC-135W Rivet Joint шакәыз.  Аҳаирплан  Урыстәыла аҳәаақәа ирԥырҵит.

Урыстәылатәи аҳаирпланқәа жәларбжьаратәи азин иақәшәо имҩаԥган аҳауатә ҵакыраҿ.

Иара убас шәаԥҳьар ҟалоит: