Амшынеиқәаҿ Урыстәыла имҩаԥнаго ганрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа НАТО иаҭакуп.
Александр Хроленко, арратә хҳәааҟаҵаҩ
Урыстәыла арратә мчрақәа Амшын еиқәа ахылаԥшра арҭоит. Ари арегион аҿы ашәарҭадара гарантс иазыҟоуп, Еиду Америкатәи аштатқәеи уи аҩызцәеи активла рхаарԥшра иаҭакуп.
Урыстәыла аҳауа-космостә мчрақәа иртәу абомбакажьга -аракетаныҟәгаҩцәа Ту-22М3 ҩба лаҵара 19 рзы хә-сааҭктәи иазыԥхьагәаҭаз ахыԥраара ҟарҵеит Амшын еиқәа анеитралтә ӡқәа рҟны. Дара 4500 километр иахысит. Амаршрут ахәҭақәак рҿы аракетамҩангагақәа ирыцын Аладатәи арратә округ аистребительқәа. НАТО атәылақәа рҳаирпланқәа абри аамҭазы ари аҭыԥ аҿы иҟамызт.
Урыстәылатәи аԥрыҩцәа аамҭа-аамҭала Арктика, Аҩадатәи Атлантика, Аокеан ҭынч, Балтикатәи амшын, Амшын еиқәа ирхаԥраауеит аҳауатә ҵакыра ахархәараз жәларбжьаратәи аԥҟаррақәа ирықәныҟәаны.
Аха абри амш азы аамҭакала ажәҩан, аӡы, амшын аҵа рҟны аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥган. Агәыԥ иаку аплан инақәыршәаны, ахықәкқәа нарыгӡон.
Амшынеиқәатә флот аракетатә фрегатқәа ҩба "Адмирал Макаров" "Адмирал Эссен" амшынтә полигонқәа рҿы лаҵара 19 рзы комплексла амшынтә ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит. Аӷбаҿагыларатә ӷба маҷқәа "Муромец" "Ейск" рекипажқәа "аӷа" амшынҵаҟатәи иӷба аԥшаареи ашьҭазаареи мҩаԥыргеит, аторпедатә хысрақәа ҟарҵеит. "Аӷа" ироль ихәмаруан адизель-електрикатә субмарина "Колпино".
Абри амш азы амшынтә полигон аҵакыраҿ иҟан апроект 636.3 иатәу амшынҵаҟаӷба, амҵәыжәҩа змоу аракетақәа "Калибр" зықәгылоу – "Ростов-на-Дону". Ари асубмарина "Варшавянкаа" рҟынтәи ИГИЛ аибашьцәа ркомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа ирылахысыз раԥхьатәи ауп.
Амчи ахархәагақәеи
Амшынеиқәаҿи ажәҩан аҿи лаҵара 19 рзы Урыстәыла аҳаирмчқәеи афлоти арегионалтә гәылацәеи аокеаннырцәтәи асасцәеи ираԥызгоз арбагақәа аадырԥшит.
Амшынеиқәаҿы ицәырҵло НАТО "имшынеиқәатәым" аӷбақәеи аҳаирплан-ԥшыхәцәеи реиԥш акәымкәа урыстәылатәи аҽазыҟаҵаратә план еиднакылон зегьы, аамҭакала, хра рыманы, иаразнакы. Ара ихадараз ахархәара змаз рхыԥхьаӡара акәмызт, анагӡара атехнологиатә ҩаӡара акәын.
Аракетаныҟәгагақәа Ту-22М3 Амшынеиқәа акраамҭа иахаԥраауан, 4000 километр рҟынӡа иахысны. Аха амшынҵакыра мрагыларахьтә мраҭашәараҟа 1000 километр ахьыҟоу азы акваториа зегьы ахысразы Ту-22М3 аекипаж 30 минуҭ азхон. Ус анакәха, аракетамҩангагақәа аеллипсқәа мҩаԥыргон рабџьар ахархәара аарԥшуа.
Ахара иԥыруа, арежим рацәа змоу аракетамҩангага-абомбакажьга Ту-22М3 астратегиатәии аоператив-тактикатәии авиациа ирыбжьаку адунеи аҿы аиԥш ыҟам. Аракетақәеи авиациатә бомбақәеи рыла адгьылақәтәи амшынтәи хықәкқәа ҭазырхо, 1000 -2300 км/сааҭ аццакыра змоу ҳаирплануп. Иззырхо аиҳарак аҳәаанырцә амҵәыжәҩа змоу аракетақәа –Х-32, Х-101 (ма Х-102) рнагароуп. Ту-22М3 зныкала ажәҩан ахь иханагалар алшоит X-47М2 "Кинжал" аракетақәа ԥшьба. Лаҵарамза алагамҭаз Ту-22М3 ала аԥышәара мҩаԥган абжьы иаԥыҟьоу аракета.
Апроект 11356 иатәу аракетатә фрегатқәа "Адмирал Макаров" "Адмирал Эссен" аинтерес рыҵоуп. Дара ирықәгылоуп аракетатә комплексқәа "Калибр" ( "Оникс"). Арҭ аӷбақәа ирылшоит 400 километр рҟынӡа ахықәкқәа рҭархара, ирықәгылоу амҵәыжәҩа змоу аракетақәа ЗМ-14 – 2500 километр рҟынӡа. Афрегатқәа иара убасгьы авертолетқәа Ка-27 рықәгылоуп. Дара ахьчара рыҭоуп атехнологиа "Стелс" ала. Рыӡсара аноурылара 4500 километр ыҟоуп, рхалаҟазаара – 30 уахи-ҽни. Амшынеиқәатә флот иахьазы иамоуп апроект 11356 иатәу афрегатқәа хԥа. Иаиуран иҟоуп аҽа фба (рзеиԥш хәыԥса–80 млрд мааҭ итәоит). Арҭ аӷбақәа аиҳарак Адгьылбжьаха амшыни Индиатәи аокеани рҿы игылоуп.
"Ростова-на-Дону" "Колпино" рекипажқәа лаҵара 19 рзы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәыз, апроект 636.3 иатәуп. Дара иныҟәыргоит амҵәыжәҩа змоу аракетақәа "Калибр", 533-мм иҟоу аторпедатә аппаратқәа, аминақәа. Асубмарина иалшоит 240 метра аҽыӡааҟәрылара, рыӡсара аноурылара, амшынақәтә ццакыра – 17 миль, амшынҵатә – 20, ахалаҟазаара – 45 уахи-ҽни, аекипаж – 52-ҩык ыҟоуп.
Хыхь иарбоу зегь реизак дарбанызаалк "аӷа" аҿагылара илдыршом. Аракетамҩангага Ту-22М3, авиациа, аӷбақәа, асубмаринақәа иаку ракәны еилаҵәарыла рхықәкы нарыгӡон. Избан дара зегьы лаҵара 19 рзы ҭыԥк аҿы изыҟалаз?
Урыстәыла аҽырӷәӷәарада ԥсыхәа амам
Амшынеиқәаҿ ЕААи НАТОИ рырра-мшынтәи рырра-ҳауатәи ыҟазаара иаҭакуп Урыстәыла аҳауа-космостә мчрақәеи арра-мшынтә мчрақәеи рҽырӷәӷәарагьы. Амшынеиқәаҿ ЕАА афбатәи афлот аесминецқәа иааиԥмырҟьаӡакәа рбираҟи "Томагавк" аракетақәеи ирыҵаҽырбоит.
Болгариеи Румыниеи иаԥырҵоит арратә инфраструктура. Ааигәа румыниатәи авиабаза Câmpia Turzii ЕАА арратә мчрақәа рыстратегиатә қәылара аҽеиҵыхратә ҭыԥ акәны иҟаҵан.
НАТО атәылақәа 2016 шықәса раахыс рырратә ныхрақәа 130 миллиард доллар ирыцырҵеит, 2024 шықәсазы ргәы иҭоуп аҽа 400 миллиард доллар ацырҵарц. Урыстәылатәи арратә напхгара ахәшьарақәа рыла, алианс арратә еимак ду иазыхиоуп.
Москва иҟоу аҭагылазаашьа иаҿыԥшроуп, иҟалар зылшо аибарххараан ихианы иҟазароуп: ар, авиациа, афлот.