Акоронавирус змоу ҩыџьа апациентцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ ишышьҭац иаанхоит

Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 12-ҩык акоронавирустә инфекциа амазааразы агәаҭара иахысит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Ҩыџьа апациентцәа макьана Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишышьҭац иаанхоит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа агәаҭаразы абиоматериал арҭеит 12-ҩык атәылауаа. COVID-19 аӡәгьы идбалам", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зынӡа 38-ҩык ирыдбалоуп. Ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 35-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Џьон Хопкинс ихьӡ зху ауниверситет адыррақәа рыла, адунеи аҿы акоронавирус захьыз рхыԥхьаӡара 12 миллионҩык инархыҳәҳәахьеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>