АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Ес-иааиуа ахәышықәса аҳауа градуск иадамзаргьы ишьҭыҵуеит аиндустри аамҭа иаҵанакуа 1850-1900 ашықәсқәа ирҿырԥшны ҳәа аҳәоит Адунеизегьтәи аҳауагәаҭаратә еиҿкаара аҳауатә зыԥхьагәаҭара адыррақәа.
Уи адагьы иазгәарҭоит шықәсык ашьҭахь аҳауа 1,5°С ишьҭыҵыр шалшо. Аҟазауаа рдыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи ахәышықәса реиҳа ишоураз шықәсқәоуп.
Адунеизегьтәи аҳауагәаҭаратә еиҿкаараҿ агәра ганы иҟоуп аҭҵаарадырра аҳауа аԥсахразы парижтәи аиқәшаҳаҭра ахықәкқәа рынагӡаразы аусдҵақәа шықәыргылахо – аиндустриаамҭа иаҿырԥшны ҳазҭоу ашәышықәсазы аҳауа 2°С еиҵатәызарци 1,5°С аҳауашьҭыҵра аԥкыра аҭарази.
Аметеорологиатә зыԥхьагәаҭарахь иаҵаркхом COVID-19 апандемиа иахҟьаз агазқәеи аерозольқәеи аҳауа ралалара. CO2 атмосфераҿ акраамҭа аҟазаара ашоура ашьҭыҵра мзызны иамоуп. Уи аҳауа амԥсахырцгьы алшом.
Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Петтери Таалас иазгәеиҭеит COVID-19 адунеитә економика иҵоурам анырра шанаҭазгьы, аҳәынҭқаррақәа рхы иадырхәароуп апандемиашьҭахьтәи аиҭашьақәыларазы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ҳәа.