Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахсалԥҳа сынтәа аԥхын иаҳа ишоурахоит ҳәа адырразы: Аԥсны аҳауатә цикл ҽакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАсида Ахсалба
Асида Ахсалба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа аԥхын иаҳа ишоурахоит ҳәа аҵарауаа иҟарҵо азԥхьагәаҭарақәа заацәоуп ҳәа лгәаанагара лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аԥсны Аекологиатә институт ауcзуҩ, ААУ адоцент, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асида Ахсалԥҳа.
Ахсалԥҳа сынтәа аԥхын иаҳа ишоурахоит ҳәа адырразы: Аԥсны аҳауатә цикл ҽакуп

Сынтәа аԥхын аҭоурых аҟны иаҳа ашоура зҵаз ҳәа иарбоу хәба рхыԥхьаӡараҟны иҟалар алшоит ҳәа адыррақәа ыҟоуп. Аӡқәеи аҳауеи рыҭҵааразы Америкатәи амилаҭҭә усбарҭа ахәшьарала, 75 процент рыла сынтәатәи аԥхын аҭоурых аҟны иаҳа ашоура зҵоу акәны иҟалар алшоит. Урыстәыла аҳауеи аӡқәеи рҭагылазаашьа иахылаԥшуа амаҵзураҟны иақәшаҳаҭхеит сынтәа аԥхын акыр аԥхарра аҵазаауеит, арекордқәа ҟамларгьы ҳәа.

"Аҵарауаа иахьа еиуеиԥшым азгәаҭақәа мҩаԥыргоит, аха ачымазара ҿкы ицәырҵыз иахҟьаны ааглыхратә наплакқәа абжьаратә мамзаргьы идуу абизнес иаҵанакуа русура аанкылоуп, убри аҟынтәи аҳауаԥхарра ацызҵо еиуеиԥшым ахимиатә еилазаарақәа аҳауа изалалом. Сынтәа аԥхын адунеи ахьынӡанаӡааӡо аԥхарра иаҳа иҳаракхоит ҳәа аҳәара цәгьоуп. Ааглыхратә наплакқәа русура аанкылара иахҟьаны аԥсабара аҽарыцқьоит, убри аҟнытәи аҳауаԥхарра уамак идухом. Аԥсны акәзар, ҳара ҳциклқәа даҽакуп, ашоура зҵаз ахәбатәи ацикл  нҵәан аҩбатәи ҳәа изышьҭоу ҳҭалеит. Уи ала исҳәом сынтәа ашоура маҷхоит ҳәа, аха аҳауа ацәаакыра акырӡа иҳаракхоит, аҳауатә лышәшәақәа рлеирагьы акыр иҳахоит ҵыԥх иаҿырԥшны иугозар", - лҳәеит Ахсалԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0