АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Ашәарақәа рыҿҳәара анахара, акредитқәа рыпроцентқәа реиҵатәреи рреструктуризациеи иара убасгьы анапынҵадатә шәарақәа рырҭбаареи ирылацәажәеит Апарламент аҿы акризис аан ауааԥсыра рыцхыраарак аҳасаб ала ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смырԥҳа.
Лара илҳәеит абанктә хсаалагақәа "Аԥра" змоу реиҳараҩык, урҭ шәнызқьҩык инарзынаԥшуеит, хәдықәҵаҩцәаны иҟоуп. Атәылаҿ акредитқәа рзеиԥшшәара 4 миллиард мааҭ ыҟоуп, ауаа акризис аамҭазы урҭ ршәара рцәыуадаҩуп.
"Иахьа аҳәаақәа аркуп. Аиԥылараҟны аплан "Б" иалацәажәан, уи аҳәаа аадмыртыр ахархәара аҭаразы. Ҳбанктә системаҿы анапынҵаԥара адефицит шамоу дыруп. Урыстәыла акризис аамҭаан ԥынгыларыда атәанчахәқәа, асоциалтә шәарақәа мҩаԥган. Ҳара ҳҿы усеиԥш егьыҟам", - лҳәоит Смырԥҳа.
Атәыла абанктә система аҭагылазаашьа апарламентари иуадаҩуп ҳәа ахылҳәааит. Ашьақәыртәаратә уснагӡатә ҳәа иазылшьеит анапынҵа ԥара ахьшәатәым амаҵзурақәа рынагӡареи аиҿкаарақәа рҿы абанкоматқәа аԥара рҭыгара аԥкыреи.
Анапынҵадатә шәарақәа лара лгәаанагарала атәыла аҩнуҵҟа аԥареикәыршара шьҭнахуеит.
Смырԥҳа илҳәеит арҭ ауснагӡатәқәа макьана ишрылацәажәо, аха ԥхынгәымза абжа ашьҭахь аҳәаа шаадмыртуа анеилкааха ашьҭахь урҭ нап рылактәуп ҳәа.
Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥган ԥхынгәы 9 рзы. Иара иалахәын: Апарламент аиҳаби адепутатцәеи, ахада Иусбарҭа анапхгара, Амилаҭтә банк ахантәаҩы, акоммерциатә банкқәа рҟазауаа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Анапынҵа ԥарақәа азхом: Аҵәахбанк акредитқәа рыҭара макьана иалагом
Абиуџьеттә система ҭышәныртәалатәуп: Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара адҵа риҭеит