Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы

Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр иазнархиеит аспектакль ҿыц "Ишьаарҵәыроу ачара", Федерико Гарсиа Лорка ипиесала. Хымзтәи аусура аанкылара ашьҭахь аспектакль ахәаԥшҩы изы ирхиоуп.
Sputnik

Аԥхьатәи ахәаԥшцәа злахәыз арепетициа хада амҩаԥысшьа Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

РУСДРАМ аҩналарҭаҿ ауаа маҷуп. Уи амзыз амоуп. Акоронавирустә пандемиагьы акәым.

РУСДРАМ аҿы еиҭарҳәеит ахәаԥшыҩцәа рыбжьара асоциалтә дистанциа шеиҿкаахо

"Ҳаҭыр зқәу аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" раԥхьатәи ахәаԥшцәа, шәара иахьа арепетициа хада шәҳарбоит. Уаҵәы аԥхьарбараламҭалатә, уаҵәашьҭахь – аԥхьарбара", - иҳәоит Иракли Хынҭәба иагьазгәеиҭоит аспектакль анцо арежиссиор иаанкыланы алагалақәа ҟаиҵар шалшо.

Афоие аҿы алашара ыцәоит, аспектакль иалагоит. Амузыка, алашара, асценахь иааиуеит актиорцәа. Алашьцара иалыҩуеит арежиссиор лыбжьы.

- Шәыхиоума? Шәҽеидышәкыла! – акоманда рылҭоит аспектакль арежиссиор Мариа Романова.

30-ҩык инарзынаԥшуа ахәаԥшцәа аҩбатәи адубль иазыԥшуп.

Абзиабареи аԥсахреи

Аханатә аспектакль испаниатәи амотивқәа, агитареи афламенкои реиԥш иҟоу шалам убоит. Аспектакль абзиабарахаҭа, иааишьа змам ацәаныррақәа, ауаҩытәыҩса иԥсабара аиҿагылара ирызкуп.

Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы

Аспектакль поезиала иҭәуп. Лорка итекст асцена иқәыҩуеит. Алашара, амузыка, адекорациа аспектакль эакы иаламҩашьо иҟарҵоит.

Иҷыдоу атмосфера аспектакль иарҭоит ацәамаҭәақәа. Урҭ ХХ ашәышықәса алагамҭа ацәа рыҟәнышьшьы иҟоуп.

Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы

"Ишьаарҵәыроу ачараҿ" алашара ахатә роль нанагӡоит. Асахьаҭыхыҩ Денис Солнцев иуадаҩу, аха ҳәашьак амамкәа иԥшӡоу алашареиҿкаара ҟаиҵеит. Аҩеижьи аҟаԥшьи шьаҿа-шьаҿа атрагедиахь ҳнаргоит, актиорцәа ирку асаркьақәа ирныҷҷало алашара акәзар ҳаргьы уи атрагедиа ҳаладырхәуеит.

Арежиссиор Мариа Романова илылшеит актиортә ансамбль ссир аизакра. Аҭаца лроль налыгӡоит Мадлена Барцыцԥҳа. Уи дԥышәырччозаргьы, лылақәа ирхубаалоит ааԥсара, агәкаҳара.

Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы

Иаркы-ирцә ҳәа иҟоу Леонардо ироль дыхәмаруеит Осман Абыхәба. Осман даҽаӡәы иԥҳәысхараны иҟоу аԥҳәызба бзиа дызбо, ухы иузҭамыгӡо ак ҟазҵар зылшо ауаҩы ироль наигӡоит. Еибаго арԥыси (Рубен Депелиан) аԥҳәызбеи, аԥҳәызбеи Леонардои рдиалогқәа ԥхьаҟа иузмырҽеиуа ахҭыс бааԥсқәа шыҟало иунырыртә иҟарҵоит.

Ан лроль налыгӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Наталиа Папасқьырԥҳа. Лара ишылҳәаз ала, аԥхьанатә ари аҭоурых хьанҭоуп иазылыԥхьаӡеит.

Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы

"Ишԥаҳалҳаршо ҳәа схәыцит, аха нас аусура ҳаналага, Лорка ирҿиамҭа ҳанагәыланахала, уаанӡатәи схәыцрақәа зегь неиԥхьбеит. Дарбанзаалак даҽа авторк абасеиԥш ҳаигәылеимхалацызт. Дасу ҳаҩнуҵҟатәи ҳцәаныррақәа арҿыхеит. Иҟоуп ҳәа ҳаззымхәыцуазгьы. Ҳархәыцит. Аԥҳәыс ауадаҩрақәа данрықәшәо аӡәы ихы анираалоит, даҽаӡәы аҿагылара далагоит. Ииашоу аӡбара адкылара даара иуадаҩуп", - лҳәоит лара.

Ан амч змоу, зегь зымпыҵазкуа ԥҳәысуп, лԥеи лхаҵеи ршьоура дазгәаҟуеит. Аха аҩбатәи лԥа данҭахалак ашьҭахь ллахьынҵа лыдылкылоит, анажьра дазыгьежьуеит.

Ишьаарҵәыроу ачара: Лорка ипоезиеи ицәқәырԥо ацәаныррақәеи РУСДРАМ асценаҿы

Аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" – ҳәарада РУСДРАМ ақәҿиара дуқәа иреиуоуп. Ара зегь уамашәа иҟоуп – алашара, амузыка, ашәҵатәы, актиорцәа рыхәмарра. Акызаҵәык аамҭа еиҵыхцәоуп – ҩ-сааҭк инареиҳаны ицоит.

Аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" аԥхьарбара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 10, 11 рзы.