Арадио

Леиба еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ӡыла реиқәыршәаразы аусурақәа ахьынӡанагоу

Гәдоуҭатәи "Аӡыканал" аиҳабы Оҭар Леиба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны аӡымҩангагақәа рышьҭаҵаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Гәдоуҭа араион ахадараҟны ари амчыбжь азы аилацәажәара мҩаԥылгеит ақыҭақәа Абгархықә, Ҟәланырхәа, Мгәыӡырхәа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара азҵаара инадҳәаланы. Лара иазгәалҭеит апроект анагӡара хышықәса рҟынӡа ишадхалаз, иаарласны ахыркәшара аҭахуп, афинансқәа рызҵаара ӡбоуп ҳәа.

Леиба еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ӡыла реиқәыршәаразы аусурақәа ахьынӡанагоу

"…Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа аӡымҩангагақәа шьҭаҵоуп, иаанханы иҟаз Мгәыӡырхәа аӡымҩангага иаҿуп, ганкахьала 300 метра аанхеит, егьи аганахьала километракгьы ҟамлар ҟалап, аусурақәа цоит. Абгархықәгьы иаанханы иҟоу аусурақәа маҷуп. Уажәы ԥарала ацхыраара ҟаҵан, аусурақәа ирҿуп. Абгархықә ақыҭаҟны мызкы-ҩымз иалагӡаны аусурақәа хдыркәшараны иҟоуп", - иҳәеит Леиба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: