Арадио

Ҳашыг: аԥсуа журналистика жәларбжьаратәи азхаҵара аиуит

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла рыдыркылеит Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи Рфедерациа аилазаарахь ԥхынгәы 9 рзы. Ари ахҭыс ҵакыс иамоу, лшарақәас иаанартуа атәы еиҭеиҳәеит Аҟәа имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Sputnik
Ҳашыг: аԥсуа журналистика жәларбжьаратәи азхаҵара аиуит

"Ари ахҭыс гәык-ԥсыкала ирыдысныҳәалар сҭахуп раԥхьа инаргыланы аԥсуа журналистцәа, иара убас аԥсуа уаажәлар зегьы, избанзар ари аԥсуа журналистика жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны азхаҵара акәны исыԥхьаӡоит", - иҳәеит Ҳашыг.

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы иазгәеиҭеит, ас еиԥш ахҭыс - шәышықәса ирҭысыз аԥсуа журналистика иазааԥсоз арҿиаҩцәа русура ахәшьара аҭара ауп ҳәа.

"Ари алшара ҿыцқәа ҳзаанартуеит, ҳҭакԥхықәра иацнаҵоит. Ихадараны иҟоу, иаатуа алшарақәа ҳхы ишаҳархәо, ҳусура шеиҿаҳкаауа, ажурналисттә еилазаара аҩнуҵҟа аидгылареи, аицлабреи, аицарҿиареи рпринципқәа шынаҳагӡо, ажанрқәа зегьы рыла иаԥаҳҵо шаҟа ахаҭабзиара ҳаракхо, аамҭа иақәшәо", - иҳәеит Ҳашыг.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: