Аԥсны Апарламент ахь аиҭалхрақәа рҿы абжьыҭара хыркәшоуп

Амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла Апарламент аҟны иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь аиҭалхрақәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аԥсны Апарламент ахь аиҭалхрақәа раан алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба аркын асааҭ 20:00 рзы амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы. Урҭ аусура иалагеит ашьыжь, асааҭ 8:00 рзы.

АКХ асааҭ 18:00 рызтәи адыррақәа рыла, алхратә ҭыԥқәа зегь рыҟны ауаа рааишьала алхрақәа шьақәгылеит.

Ибжьы аиҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниагьы, уи Тамшь ақыҭаҟны дахьҭаҩу аҭыӡҭыԥ ала иҟоу алхратә ҭыԥ даҭааит.

Аслан Бжьаниа Аԥсны Апарламент ахь аиҭалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит

Азакәан ишаҳәо ала, алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа алҵшәақәа ҩымш ирҭагӡаны реихшьаларазы азин рымоуп. Заанаҵтәи алҵшәақәа анрыларҳәалак ашьҭахь, абжьыҭара шымҩаԥысыз азы ашшыԥхьыӡқәа ҟалар, АКХ ҽнак ахи аҵыхәеи рыла урҭ рыднакылоит.

Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи; Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци; Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи; Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 ала - Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.