АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Акоммерциатә банк "Аҟәа-Банк" Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура "Аԥсныпресс" азашшра ҵаҵӷәык амам ҳәа иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
"Аԥсныпресс" аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура аҳасаб ала, Аԥсны АИхқәа рзы азакәан ахәҭаҷ 54 инақәыршәаны, ҭакԥхықәра адым акьыԥхьымҭаз, арҭ адыррақәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аиҿкаарақәа, анаплакқәа, ауаажәларратә еидгылақәа рдыррақәа ма рматериалқәа рҿы ирылацәажәахьазар", - ҳәа аҳәоит Ҳашыг иҳәамҭа атекст аҟны.
Ҳашыг инаҵшьны иазгәеиҭеит амаҵзура "Аԥсныпресс" Аԥсны АИхқәа рзы азакәан ахәҭаҷ 40 инақәыршәаны "Аҟәа-Банк" алшара шанаҭаз аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныбылтәы" адыррақәа аҿаԥнаҽырц.
Убри инадҳәаланы Руслан Ҳашыг ааԥхьара ҟаиҵеит "Аҟәа-Банк" ахь "Аԥсныпресс" аганахь ала ашшыԥхьыӡ архынҳәырц.
Ԥхынгәы акы азы амаҵзура "Аԥсныпресс" асаит аҿы икьыԥхьын АЕ "Аԥсныбылтәы" аҳәамҭа: "Аҟәа-Банк" анапаҵаҟа иҟоу аиҿкаара "Гәдоуҭатәи анефҭбаза" 2015 шықәса рзы 40 миллион иҟаз акредит закәаншьаҭада иаҭан ҳәа. Иахьазы акредитҭаҩ идыррала "Гәдоуҭатәи анефҭбаза" "Аҟәа-Банк" аҿаԥхьа 63 миллиони 365 нызқьи 620 мааҭ ақәуп.
Убри аан 2020 шықәса жәабранмзазы аӡбранагӡаҩцәа ақәҵара рыдыркылеит "Гәдоуҭатәи анефҭбаза" ирбаандаҩу амазара – ахыбрақәеи аргыларақәеи, аҭираз иқәыргылазарц. Аха ашасы мазара аҭира проблемахеит, аиҿкаара ҳәынҭқарратә мазараны аҟазаараз. Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭаразы Аҳәынҭеилакы мап ацәнакит амазаратә комплекс аҭирахь анагара.
"Аԥсныбылтәы" анапхгара ҿыци Аекономика аминистрреи ргәаанагарала акредит аҭараан еилаган Аграждантә кодекси Аԥсны азакәани иара убасгьы акредит аиураан "Гәдоуҭатәи анефҭбаза" ауал ақәны иҟан, убри азы аикәыршаратә ԥкырақәа ахьамаз азы.
Ԥхынгәы 2 рзы "Аҟәа-Банк" "Аԥсныбылтәы" адырра аҭак ҟанаҵеит, "Аҟәа-Банк" аиашара Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа актқәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп ҳәа. Уи адагьы абанк адырра ҟанаҵеит "Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи анапхгаҩы Даур Ҭарба ихәдықәҵаратә шәҟәы шыҟоу азы.
"Аҟәа-Банк" апозициа кьыԥхьын "Аԥсныпресс" асаит аҟны.
Акоммерциатә банк "Аҟәа-Банк" Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныбылтәи" Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура "Аԥсныпресси" ԥхынгәы 8 рзы ирзашшит аусутә ҳаҭыр ахьчаразы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи аиҳабы аҩнтәи абаандаҩраҿы дшыҟац дааннажьит
"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи адиректор хада даанкылоуп