Арадио

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит Аҟәатәи иаарту аинститут абитуриентцәа занааҭқәас иалырхуа

Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵараиурҭахь абитуриентцәа рҟынтә ашәҟәқәа рыдкылара аус шцо атәы, насгьы ирабан занааҭқәоу иахьа азҿлымҳара змоу.
Sputnik

"Ԥхынгәы акы инаркны ҳалагеит арзаҳалқәа рыдкылара. Ашәҟәқәа ҳадаҳкылоит азанааҭқәа фба рыла. Иахьазы арзаҳалқәа зегь реиҳа иахьырацәоу аҳазалхратә ус аҿоуп. Абитуриентцәа зегьы ҳрыҿцәажәоит, аус рыдааулоит, нас ауп ашәҟәқәа анҳадаҳкыло дара рҟынтә. Ақыҭанхамҩа азанааҭ ала имаҷхар ҳәа ҳшәоит. ААУ аҿы иазыҟарҵоит агрономцәа, ҳара иазыҟаҳҵоит ақыҭанхамҩа аекономика ахырхарҭала, ҳаицәажәан ауп ишыҟаҳҵо. Даргьы иаурышьҭуеит 10-ҩык рҟынӡа, ҳаргьы - убасҵәҟьа. Аха иахьазы 4-ҩык роуп ҳаинститут ахь ақыҭанхамҩа аганахьала ашәҟәқәа алазҵахьоу", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: