Аҩнуҵҟатә зҵаароуп: Ацқьа Софиа ахьџьаамахаз ахҳәаа азыруит аҭырқәа експертцәа

Ахәаша, ԥхынгәы 10 рзы Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарратә хеилак аҟны ирыӡбеит Ацқьа Софиа (Аиа Софиа) аџьаама аҳасабала ашәҟәы иҭагалазарц, 1934 шықәса абҵара 24 раахыс уи иамаз амузеи астатус ԥсахны.
Sputnik

Абри азҵаара аганахьала Sputnik Ҭырқәтәыла азы ргәаанагара рҳәеит аҭырқәа експертцәа. Ацқьа Софиа луахәама аџьаама ахьалырхыз хәшьарас иарҭо, нас уи ԥхьаҟа иахькылнагар алшо – шәаԥхьа Sputnik аматериал аҟны.

Аԥсылманра ахьӡала акәу, аполитика ахьӡала акәу?

Ажурналист, ателеканала TELE 1 аредактор хада Мердан Ианардаг Sputnik Ҭырқәтәыла аҿцәажәараан иазгәеиҭеит Ацқьа Софиа луахәама аџьаама алхра – политикатә шьаҿоуп ҳәа иуԥхьаӡар шыҟало. Иара иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла аџьаама ҿыц аанамыртыр ада ԥсыхәа амамкәа иҟамызт.

Сҭампыл игылоу Ацқьа Софиа луахәама уажәшьҭа иџьаамахеит

"Сҭамԥыл иҟоу аџьаамақәа рхыԥхьаӡара маҷӡам, дара иҟоугьы уаала иҭәӡом ахәашатәи анамзқәа раангьы. Аџьаама жәҩангәыԥшшәыла азхараҵәҟьа ауаа мнеиуазар, Ацқьа Софиа лмузеи аџьаама алырхыр, уаала иҭәуеит ҳәа аҳәара гәаӷьыуацәоуп. Џьамтәыла аҵакырадгьыл миллионки 600 нызқьи метр ԥшьыркца ыҟоуп, уи ҩынтә рыла инеиҳауп Ҭырқәтәыла аҵакырадгьыл аасҭа. Џьамтәыла ауааԥсыра рхыԥхьаӡарагьы 3-4 миллионҩык рыла Ҭырқәтәыла ауааԥсыра рхыԥхьаӡара инахыҳәҳәоит. Аха убри аан Ҭырқәтәыла аџьаамақәа рхыԥхьаӡара ҩынтә рыла еиҳауп Џьамтәыла иҟоу раасҭа. Иԥсылмантәу аҳәынҭқарра Џьамтәыла ирымоу аџьаамақәа рызхозар, уаалеи, дгьылҵакыралеи уи еиҵоу Ҭырқәтәыла иахьа уажәраанӡагьы аҿыцқәа рыргылара иаанаго урҭ реиҳарак раартра аполитикатә хықәкоуп иамоу ҳәоуп, ауааԥсыра рдинхаҵаратә цәаныррақәа рхархәара аҭыԥ амоуп", – ҳәа аҵишьит Ианардаг.

Ажурналист иазгәеиҭеит убасгьы аџьаама ҿыц аартра заԥшьыргаз ауаажәларратә зҿлымҳара арҩашьаразоуп ҳәа.  

"Ҳәара аҭахума, аџьаамақәа раартрала аҳәынҭқарра ашәҭыкакаҷреи аизҳареи рымҩа иқәлоит ҳәа азхәыцра ҭаԥшақьароуп. Аџьаамақәа арҿиара иасимволны иҟамзар, иара усгьы ирацәоу урҭ рхыԥхьаӡара даҽак ацлара – адинхаҵаратә ҭахрақәа ирықәшәоит ҳәа узҳәаӡом. Иҭшәоу аидеологиатә хықәкоуп иамоу ари аӡбамҭа", – иҳәеит иара.

Анкаратәи ауниверситет адинҭҵаара акафедра апрофессор Мехмет Ҳаири Кырбашоглу иакәзаргьы аҳәамҭа ҟаиҵеит, Ацқьа Софиа амузеи астатус аԥсахра аҩнуҵҟаполитикатә зҵаароуп ҳәа.

"Ахы инаркны аҵыхәанӡа аҩнуҵҟаполитикатә ҟазшьа змоу усуп ари. Ари адинхаҵара иадҳәаолу зҵаараӡам, аполитикатә зҵаароуп, ахӡыргара иатәуп сҳәарцгьы сылшоит. Араҟа иубарҭоуп азырхиаратә усура шцоз, аконсультациақәа шымҩаԥгаз, аус абас ала аӡбара ишазаагаз. Аха абри аус ааигәа-хара хҟьа-ԥҟьақәас иуир алшо ҳәа азԥхьагәаҭарақәа ҟаҵамызт", – иҳәеит апрофессор.

Уи адагьы апрофессор иазгәеиҭеит Ацқьа Софиа луахәама астатус аԥсахра атәылаҿы иҟоу  асоциалтә-политикатә проблемақәа азымыӡбар ҟалап ҳәа.

Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу инапынҵақәа шьҭеиҵеит

"Абри аԥсахра иазыӡбома иаҳҳәап, Ҭырқәтәыла иҟоу акоррупциа апроблема, ма аусурҭа аҟамзаара азҵаара, аиҟарамра, ацәымӷшьара аршара уҳәа реиԥш иҟоу азҵаара уадаҩқәа? Иарбан зҵаароу абарҭ рахьтә аџьаама иазыӡбо? Аԥсылманцәа есыҽны анамаз ркуеит Мекка, Медина, Султанахмет аџьаамаҿы уҳәа, уажәшьҭа Ацқьа Софиа лџьаамаҿгьы убас. Аха аԥсылманра аҵакы, ма ахаҭабзиара иацлама уи абзоурала? Мап. Иагымхазар иацымлеит. Ҳара Аллаҳ ҳиашьапкуеит, аха убри аан аиҟарамреи, аиашамреи, аҵарҭышагареи, акоррупциеи еиҳа-еиҳа иҿиоит. Уи ҳара ҳҿы мацара акәӡам, аԥсылман дунеи зегь аҿы усоуп ишыҟоу. Аԥсылман тәылақәа акоррупциа аҿиара аганахьала иҟоу атәылақәа рреитинг аҵыхәтәан игылоуп. Шықәсык ала, Ҭырқәтәыла 9-шьаҿак илаҟәит ари асиаҿы. Адинхаҵара ыҟа-иҟам акраанагома ари аҿы? Ацқьа Софиа лџьаамаҿы Аллаҳ уиашьапкит ҳәа акыр аҽаԥсахуама? Аҟәырҟан ишаҳәо ала, анамаз – ауаа ацәгьа аҟаҵара иацәызыхьчо актуп. Ес-хәаша иаԥхьоит иара, аха аӡәырҩы уи аҵакы хаҭа рыздыруам", – иҳәеит аҭырқәа динҭҵааҩы.

Иара иациҵеит убасгьы Ҭырқәтәыла адинхаҵара политикатә мыругак аҳасабала ахархәара шамоу атәгьы.

"Ҭырқәтәыла адинхаҵарахь иҟоу азнеишьа шьаҭанкыла иԥсахтәуп. Аиҳабыра уи атәы рдыруеит, убри азоуп 80 шықәса раахыс иԥшны изтәоу ауаажәларра рнапаҿы иааргарц азы. 80 шықәса дуӡӡа иукуаз анамаз ауаҩра улнамхызар, Ацқьа Софиа лџьаамаҿы иукыр, иулнахуама? Сышәмырччан! Аха ари акыраамҭа инеип ҳәа сыҟам, избанзар Ҭырқәтәылатәи аполитика шьаҭас иамоу адинхаҵареи амилаҭеилыхреи роуп, убри аҟнытә аџьаамақәа – имншәалоу хархәагоуп. Абри аус иҽеим ахҟьа-ԥҟьақәа цәырнагоит атәыла аҩнуҵҟеиԥш, жәларбжьаратәи аҩаӡараҿгьы. Ацқьа Софиа музеик аҳасабала ааныжьра иаҳа ииашан адунеитә культуратә ҭынха ахьчара уазхәыцуазар. Уи аиԥш зеиԥшу даҽак ыҟаӡам. Уи ауп ҷыдарас иамоугьы. Аԥааимбар иира 30 шықәса заҵәык шагыз ихыркәшан ари ауахәама аргылара", – ҳәа иажәа далгеит Мехмет Кырбашоглу.

Асанкциақәа ршәарҭара

Жәлар-республикатә партиа адепутат, аиурист Али Озгиундуз Sputnik акорреспондент иҿцәажәараан иазгәеиҭеит Ацқьа Софиа амузеи – асимволтә ҵакы шамоу аԥсылманцәа рзеиԥш ақьырсианцәа рзгьы.

Ҳашба еиҭеиҳәеит Бырзентәыла Амшаԥныҳәа шазгәарҭо

"Абри аӡбамҭа рыдыркылаанӡагьы Ацқьа Софиа уахәаманы иҟамызт. Уаҟа анцәаиҳәарақәа мҩаԥысуамызт, ари музеик аҳасабала ахархәара змаз џьааман. Уи адагьы амузеи ахәҭак аҿы аныҳәарақәа зегь акоуп мҩаԥысуан. Уажәшьҭа абас азҵаара анырыӡба ашьҭахь, Ацқьа Софиа ахыбра зегьы аныҳәарақәа рзы иаартуп. Амузеи ахаҿра еиқәырханы, иагьмузеины иагьџааманы ахархәара амазаауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Насгьы, абри аӡбамҭа амшала Ҭырқәтәыла санкциақәак ирықәдыршәап ҳәа сыҟам, избан акәзар ари Ҭырқәтәыла ахҳәаақәҵаразы иамоу азин иадҳәалоу зҵаароуп. Аха егьа ус акәзаргьы, Ацқьа Софиа луахәама, ҳәара аҭахума, адунеизегьтәи культуратә ҭынхоуп. Абри аус аҵыхәала аурыс, ма абырзен-киприоттә иашахаҵаратә уахәама аганахьала реакциа џьбарак цәырнагозар, иаҳгәалаҳаршәап, Ацқьа Софиа луахәама ақьырсианцәа рзеиԥш, аԥсылманцәа рзыҳәангьы асимволтә ҵакы шамоу. Абар шьҭа 70-80 шықәса ҵуеит абри асимволтә ҵакы акәша-мыкәша ацәажәарақәа цоижьҭеи. Шьҭарнахыс Ҭырқәтәыла иҟоу аполитикатә исламистцәа ирцәыӡит ихадароу рполитикатә компонентқәа хԥа ирымаз руак. Урҭ ах-компонентк еиқәаҳаԥхьаӡозар, абар: акасы ахаҵара азҵаара, Таксим ашҭаҿы аџьаама аҟазаара, Ацқьа Софиа луахәама џьаамак аҳасабала ахархәара. Арҭ ах-зҵаарак ӡбазар, шьҭа уаҳа политикатә компонентс ишьҭырхуа сыздыруам", - иҳәеит Али Озгиундуз.

Аполитолог Онур Ерим иазгәеиҭеит Ацқьа Софиа луахәама астатус аԥсахра аганахьала аимак-аиҿакқәа макьана акыраамҭа ишеиқәымтәо.  

"Ақәшаҳаҭымратә цәажәарақәа ҟалар ауеит атәылақәа жәпакы рҟынтә, Бырзентәылеи Урыстәылеи аԥхьа инаргыланы. Абри аӡбамҭа убри аҿы икылнагар алшоит, Ҭырқәтәыла аганахьала рацәак аиҩызаратә ҟазшьа аазмырԥшуа, еиҳарак Мраҭашәаратәи атәылақәа, уи иаҿагыланы афронт ҿыц аԥырҵартә аҟынӡа. Сгәанала, абри аус иалахәхоит Мраҭашәаратәи Европа, ЕАА, нас иара уаҟа иҟоу аевангелистцәагьы. Арҭ адебатқәа мчыбжьык-ҩымчыбжьа рыла еиқәтәо ракәӡам", – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ерим.

Аполитолог иациҵеит убасгьы Ҭырқәтәыла узлаҿагылар ауа амзызқәа иара усгьы ирацәаӡоуп, Ацқьа Софиа астатус аԥсахра ашьҭахь ари аҿагылара кампаниак аҳасабала иҿиаргьы ауеит ҳәа.

"Иҟалап, абри аҩыза атмосфера аԥҵахаргьы, "Ҭырқәтәыла адунеитә культуратә ҭынха ааха анаҭеит, ақьырсиантә уахәама аԥхасҭа азнауит, акультура иаӷрагылеит" ҳәа. Аха уажәтәи аамҭазы аҳәара уадаҩуп атәыла асанкциақәа ирықәыршәахо, ирықәмыршәахо, насгьы ааи акәзар, урҭ зеиԥшрахо. Ашәышықәсақәа шыҵхьоугьы, Сҭамԥыл иахьагьы "Константинополь" акәны иҟазарц зҭахқәоу ыҟоуп, уи ҭырқәа қалақьны, ԥсылман қалақьны иахьыҟоу иахьа уажәраанӡагьы ианымшәац. Аха ари аҩыза акритика ишәарҭоу ахыҵхырҭақәа цәырнагар ауеит, аҭоурых иадыруеит Европеи Балкантәи адгьылбжьахабжеи, еиҳаракгьы Бырзентәылеи Испаниеи ркультуратә ҭынха ақәхра аҿырԥштәқәа маҷымкәа. Ииашамкәа иҟаҵаз рацәан, иаҳҳәап, анцәаиашьапкра ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа ацәыргақәҵатә ҭыԥқәаны рыҟаҵара уҳәа. Ҭырқәтәыла ҳгозар, османтәи апериод аангьы, ари азҵаара аганахьала хара дук адны иҟам. Османтәи аимпериа ахаан еиқәырхан афрескақәеи аныхачаԥақәеи маҷымкәа, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз атәылақәа рҿеиԥш акәымкәа. Убри аҟнытә акритикатә цәажәарақәа дырҵысуа иалагар, реиҳа иззеицәахо дара рхаҭақәа ракәхоит", – иҳәеит Ерим.

Ацқьа Софиа луахәама аԥҵан ақьырсиан император Иустиниан ихаан 537 шықәса, ԥхынҷкәын 27 рзы. Зқьышықәса инареиҳаны ари ауахәама зегьы иреиҳау ныхабаан ақьырсиан дунеи зегь аҿы.

Византиатәи аимпериа анеилаҳа ашьҭахь, Константинополь османаа ианрымпыҵархала, 1453 шықәса рзы Ацқьа Софиа луахәама џьаамоуп ҳәа азҳәан. Аха 1934 шықәса рзы, Қьамал Ататиурк иусдҵала, амузеи астатус аҭаны ИуНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынха асиа иахәҭакын.