АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Сҭампыл игылоу Ацқьа Софиа луахәама астатус еиҭаркит, уажәшьҭарнахыс иџьаамахоит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Anadolu.
"Ҭырқәтәыла Аҳәынҭхеилак ишьақәнарӷәӷәеит Аиа-Софиа Асулҭан Мехмет Хан ихьӡ зху Афонд абаланс аҿы иҟоуп, убри инадҳәаланы џьаамак аҳасаб ала ахархәара ҟалоит", - ҳәа ирыдыркылаз аӡбамҭа ахҳәаа ааргоит.
Аҳәынҭқарратә реестр аҿы Аиа-Софиа аџьаама ҳәа ианҵахоит, ари афакт аиҭакрагьы ҟалом", - ҳәа аҳәоит Аҳәынҭхеилак аӡбамҭа.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла аҳәынҭхеилак иаԥнахит 1934 шықәса рзы ауахәама музеизааит ҳәа иҟаҵаз аусӡбара. Ҭырқәтәыла ААР ахада Мевлиут Чавушоӷлу аҳәамҭа ҟаиҵахьан атәылаҿ ауахәама астатус аԥсахразы азин шыҟоу, егьырҭ атәылақәа ргәаанагара иазхьамԥшыкәа.
Ацқьа Софиа луахәама Константинополь османаа ианрымпыҵархала, Византиатәи аимпериа анеилаҳа ашьҭахь, 1453 шықәса рзы иџьаамоуп ҳәа азҳәан. Аха 1934 шықәса рзы Кемаль Ататиурк иусдҵала амузеи ҳәа астатус аҭаны ИуНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынха асиа иаҵаркын.