АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. XIX итрадициатәхаз аиндаҭлара "Аҿар рыбжьы" мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны ԥхынгәы 16 - 17 рзы ҳәа еиҭеиҳәоит иара ашьаҭаркҩы Нури Кәарҷиа.
Сынтәа аиндаҭлара иалахәхараны иҟоуп Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәи 50-ҩык рҟынӡа. Дара қәрала еихшоуп: 5 - 8, 8 - 11, 11 - 15, 15 – 18 шықәса ҳәа.
"Ҳара ҳаигәырӷьоит алахәылацәа ргеографиа еиҳа-еиҳа аҽахьарҭбаауа. Аханатә Очамчыра араион усҟак рхы аадырԥшуамызт, аха сынтәа урҭ активла иалахәхеит, хәҩык инарзынаԥшуа ахаҭарнакцәа ҟалоит", - ҳәа иҳәеит Нури Кәарҷиа.
Лахәылацыԥхьаӡа ҩба-ҩба ашәа наигӡоит, руак хымԥада иаԥсуа ашәазароуп.
Ԥхынгәы 16 асааҭ 11:00 рзы аиҵбацәа еиндаҭлоит. Аихшьалақәа рышьҭахь, ахәылбыҽха асааҭ 18:00 рзы имҩаԥгахоит агала-концерт. Абасала еиҿкаауп ԥхынгәы 17 азтәи апрограммагьы.
Алахәылацәа рзы иазԥхьагәаҭоуп адипломқәеи аԥхьахәқәеи. Иреиӷьӡахо жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рылахәразы абжьгарақәа рыҭахоит.
Ашәаҳәаратә еиндаҭлара "Аҿар рыбжьы" мҩаԥыргоит аҟыбаҩ злоу аҿар ралкааразы, аԥсуа естрада аларҵәаразы, аҿиарамҩа ацхрааразы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Оскар", "Аҿар рыбжьы", "Цилиндр": акарантиншьҭахьтәи акультуратә афиша
Кәарҷиа: "Аҿар рыбжьы" ҳтәылаҿы аҟазара аҿиаразы ицхыраагӡоуп