АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ҭемыр Агрба Аԥсны Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа аиҳабыс иҟаҵаразы. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
Ҭемыр Агрба диит 1989 шықәса нанҳәа 24 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. 2006 шықәсазы далгеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи 4-тәи абжьаратә школ. 2011 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет, азанааҭ "Афинансқәеи акредити" ала.
Урыстәылатәи Афедерациа ахада иҿы иҟоу Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Урыстәылатәи ракадемиа даушьҭымҭоуп. Уралтәи Афедералтә университет "Ааглыхратәи Аграждантәи ргылара" азанааҭ латәарадатәи аҟәша даушьҭымҭоуп.
2012 - 2014 шықәсқәа рзы аус иуан аргыларатә фирма ИАЕ "Стройкомпания" аҟны.
2014 – 2015 шш. – Аҟәа ақалақь ахадара Аусбарҭа "Горстрой" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
2015 – 2019 шш. – Аҟәа ақалақь ахадара Аусбарҭа "Горстрой" аиҳабы.
Аԥсны Акапиталтә ргыларазы Аҳәынҭқарратә еилакы Аԥсны иахьаҵанакуа аобиектқәа рыргылара, реиҭашьақәыргылара, рырҭбаара, рремонт уҳәа рымҩаԥгара аҿаҵаҩыс иқәгылоит, аргылара ахаҭабзиареи анормативтә ҿҳәарақәа ишрықәныҟәои ирхылаԥшуеит.