Аԥсны амиграциатә маҵзура анапхгаҩ ҿыц даҭоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура амиграциа аусхк аҟны атәыла аҳәынҭқарратә политика мҩаԥнагоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Амиграциатә маҵзура анапхгаҩыс Рамин Габлаиа иаҭаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Рамин Габлаиа диит ԥхынгәы 25, 1968 шықәса рзы Очамчыра. 1995 шықәса рзы Аԥсны ААУ аиуристтә факультет далгеит.

1989 шықәса раахыс азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аус иуан.

2005 шықәса инаркны Гәылрыԥшь Аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аиҳабыс дыҟан, 2006 шықәса раахыс – Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабыс.

2009 шықәса раахыс Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ.

Нанҳәа 12, 2010 инаркны цәыббра 22, 2010 шықәсанӡа аамҭала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа наигӡон.

Цәыббра 22, 2010 шықәса раахыс – Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура амиграциа аусхк аҟны атәыла аҳәынҭқарратә политика мҩаԥнагоит, аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ареспубликаҿы рыҟазаара хылаԥшра анаҭоит.

Амаҵзура аҳәаанырцә усзуцәа Аԥсны аҵакыраҿ русура азин ҟанаҵоит, ашәҟәы иҭанагалоит, изакәаным амиграциа ԥнарҟәҟәаауеит.