Гал ақәаршҩы иахҟьаны 50 рҟынӡа ҩны аӡы рыҵалеит

Абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалалоит есышықәса ақәоурақәа ирыхҟьаны, Гал иахьаҵанакуа аҩарцарҭақәа рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Ԥхынгәы 13 рзы Гал ақалақь аҿы 50 рҟынӡа хатәыҩны аӡы рыҵалеит илеиз ақәаршҩы иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Ҭыԥқәак рҿы аӡы аҩаӡара метрак аҟынӡа иҳаракын. Аҭагылазаашьа ахылаԥшра рхахьы иргеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа, аусбарҭа ахада Лев Кәыҵниа адҵа ҟаиҵеит ахархәара рыҭазарц атехника ҷыда, аусбарҭа аусзуҩцәа.

"Ԥхынгәы 14 ашьыжь галаа ирыцхраарц арахь иааит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Тҟәарчаллл, Очамчыра рҟынтәи амцарцәагатә машьынақәа. 35-ҩык ауаа аусурақәа ирҿын. Лев Кәыҵниа хаҭала аусурақәа напхгара риҭон, - ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.

Аӡы ашьҭра ннажьит: алыкьи аҳәынҵәеи. Аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи еиҳа иуадаҩыз аҭыԥқәа рҿы аус руан, ашҭақәа аҳәынҵәа рықәрыӡәӡәаауан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: