Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зыхьыз ҳәа аӡәгьы дшьақәыргылам

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа ҿыц изыхьыз ҳәа аӡәгьы дыҟам.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус адиагноз аӡәгьы изышьақәыргылам, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла игәаҭарақәа ирхыжьын 21-ҩык ауааԥсыра.

Иахьазы Аԥсны зынӡа акоронавиурс рыдырбалахьеит 38-ҩык. 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара адыррақәа рыла, адунеи аҟны 13 миллионҩык инареиҳаны ари ачымазара ҿкы рыхьхьеит, урҭ рахьтә 573 нызқьҩык инареиҳаны рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>