Аԥсны ахада Гал араион уаанӡатәи ахада и.н. иусԥҟа аԥихит

Гал араион уаанӡатәи ахада и.н. Ҭемур Надараиа иусдҵа аҿагылон ахада иусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи иеиҳабыратәыми жларбжьаратәии аиҿкаарақәа рыпрограммақәа (рпроектқәа) рынагӡараз уснагӡатәқәак".
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала иаԥихит Гал араион уаанӡатәи ахада и.н. иусдҵа №256 (18.11.2019ш).

2019 шықәса абҵарамзазы Ҭемур Надараиа Гал араион уаанӡатәи ахада инапынҵақәа неигӡон.

Ишазгәаҭоу ала, аусԥҟа аҿагылон атәыла ахада иусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи иеиҳабыратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа рпрограммақәа (рпроектқәа) рынагӡаразы уснагӡатәқәак (№ 108, 04.05. 2019ш.)".

Надараиа иусԥҟа инақәыршәаны ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 1 инаркны Гал араион аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи иеиҳабыратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа рпрограммақәа (рпроектқәа) рынагӡара алшон араион аиҳабыреи дареи реиқәшаҳаҭреи атәыла аиҳабыра рақәшаҳаҭреи рышьҭахь, агәабзиарахьчара аусхк аҟны апроектқәа аалхны, Галтәи ахәыҷтәы реабилитациатә Центр апроект ахь 5% аншәахалак ашьҭахь.