Аԥсны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы игәаҭан 140-ҩык ауааԥсыра

Апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа 38-ҩык акоронавирус шрыхьыз аадырԥшхьеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 140-ҩык рахьтә акоронавирус адиагноз аӡәгьы изышьақәыргыламызт, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 ацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аепидемиа аҿагылара иазку аусмҩаԥгатәқәа ирылагеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы атестқәа ирхыжьын 2442-ҩык ПЦР - диагностикала, 231-ҩык - авирус иаҿагылоу ацәеижьқәа рыҭҵааразы.

Иахьазы Аԥсны зынӡа акоронавиурс рыдырбалахьеит 38-ҩык. 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>