Арадио

Бганба еиҭеиҳәеит Гал араион аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥырҟәаара аус шцо атәы

Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Омар Бганба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ԥхынгәымза 13 рзы араион аҿы иҟаз аӡхыҵра ашьҭахь ицо аусурақәа ртәы, иҳәеит аӡышьҭрақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik

"Аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра амашьынақәа рыцхыраарала аӡы иаанагаз анышәаԥшьи агәами ықәрыӡәӡәаауан аиқәырхаҩцәа, абасала ақалақь аҩныҵҟа рыцқьоуп. Ақыҭа мҩақәа рҿгьы атракторқәа рыла арыцқьарақәа мҩаԥган. Аӡышьҭрақәа агәамқәа ахьҭанажьыз хыхь-хыхь ауп ишаҳрыцқьаз, аха ари аус нагӡатәуп. Араион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы акомиссиа аӡы зыҵалаз аҩнқәа ирҭаан, урҭ 40 рҟынӡа иҟоуп, актқәаи шахәҭоу ашьақәыргылара иаҿуп. Ауааԥсыра рыҩнаҭақәа актәи аихагыла аӡы ахьыҩналаз ыҟоуп, рыҩнымаҭәа, ирызгылаз амаругақәа аԥхасҭа рыҭоуп. Ашәҟәқәа шааиқәыршахалак аҳәынҭқарра ахада иахь ишьҭхоит, ауааԥсыра ацхыраара рыҭахап ҳәа агәыӷра ҳамоуп". – ҳәа еиҭеиҳәеит Бганба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: