Борис Ачба игәамбзиара иахырҟьаны аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит

Борис Ачба ахара идырҵоит мцҳәарыла 20 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ҿҳәарала цәыббра 15, 2020 шықәсанӡа аҩнтәы баандаҩра иқәнаҵеит "Аԥсныавтомҩа" аиҳабы инапынҵақәа назыгӡоз Борис Ачба. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Аԥсны АШәМ аусҭҵааратә ҟәша азыҳәа ҟанаҵон Борис Ачба иганахьала арбаандаҩра аамҭа иацҵазарц. Иара Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа дныркылеит рашәара 18 рзы.

"Аԥсныавтомҩа" аиҳабы Борис Ачба иганахьала ашьаус хацыркуп

Ари аӡбамҭа азыҳәа еиҭахәаԥшны мап ацәнакит иаанкылоу имоу ачымазарақәа ҳасаб рзуны.

Борис Ачба Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 16 "Еиҿкаау агәыԥ аԥара рацәаны мцҳәарыла реимҵәара" ахәҭа 4 инақәыршәаны, фышықәса инаркны 12 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара иқәырҵар ҟалоит.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба мцҳәарыла абиуџьеттә ԥарақәа 20 миллион мааҭ еимиҵәеит адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны.

Борис Ачба 2014 инаркны 2016 шықәсанӡа аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныавтомҩа" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2016 шықәса инаркны аилахәыра деиҳабын.

1994 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа Аҟәа анхарҭатә усбарҭа деиҳабын, иара убас ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2007 шықәсазы Ачбеи, Аҟәа ақалақь ахада Асҭамыр Адлеибеи, афинансқәа рыҟәша аиҳабы Константин Ҭыжәбеи, анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Давид Џьынџьали русура иамхын аҳәынҭқарратә мал еимырҵәеит ҳәа. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла Борис Ачба ҭакрадатәи ахарахгара иқәҵан.

Борис Ачба акгьы ихарам ҳәа дыԥхьаӡоуп уи ихара шьақәыргыланы азакәантә мчы аиуаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: