Гагра акурорттә романқәа еиҳа аҭыԥ ахьрымоу ақалақьқәа иреиуахеит

Асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа ргәаанагарала реиҳа аромантика цәа зыҟәну қалақьны ишьоуп Иалта, ажәабатәи аҭыԥ ааннакылеит Казань.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Аԥсшьараз анхарҭаҭыԥқәа заанаҵтәи рҿаҵара мҩаԥызго урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара азҵаара мҩаԥнагеит еиҳа акурорттә романқәа аҭыԥ ахьрымоу иалкааразы.

Актәи аҭыԥ арҭеит ақалақь Иалта - 24,79%, Шәача – 17,09%, Санкт-Петербург –12,82%.

Акурорттә романқәа ирхыҵхырҭоу ақалақьқәа жәаба:

  • Иалта - 24,79%
  • Шәача - 17,09%
  • Санкт-Петербург - 12,82%
  • Геленџьик - 11,11%
  • Витиазево - 10,26%
  • Гагра - 8,55%
  • Феодосиа - 5,98%
  • Зеленоградск - 4,27%
  • Кисловодск - 2,56%
  • Казань - 2,56%

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысразы аԥкырақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 21 рҟынӡа днахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: