Путин иаалырҟьаны ар разыҟаҵашьа гәаҭатәуп ҳәа рылеиҳәеит

Иазыԥхьагәаҭоуп урыстәылатәи ар Урыстәыла алада-мраҭашәаратәи ахәҭа ашәарҭадара шеиқәдыршәо ахәшьара аҭара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иаалырҟьаны адҵа ҟаиҵеит Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа разыҟаҵашьа гәаҭазарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Агәаҭарақәа раан иазыԥхьагәаҭоуп урыстәылатәи ар Урыстәыла алада-мраҭашәаратәи ахәҭа ашәарҭадара шеиқәдыршәо ахәшьара аҭареи цәыббрамзазы имҩаԥысраны иҟоу аҽазыҟаҵарақәа "Кавказ-2020" ишазыхиоу агәаҭареи.

Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аусбарҭа анапхгара реилацәажәараан иҳәеит ауснагӡатә ишадыԥхьалоу 149 нызқьҩык аррамаҵзурауааи, 26,8 нызқь арратә техникеи, 414 ԥрыгеи, 106 ӷбеи.

Иазыԥхьагәаҭоуп 56 ҽазыҟаҵара 35 полигон рҟны рыымҩаԥгара. Иара убасгьы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Амшын Еиқәеи Каспитәи амшыни рполигонқәа 17 рҿы.

Аладатәи арратә округ аруаа Аԥсны иҟоуп 2009 шықәса раахыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: