Аслан Бжьаниа дырҭааит аполигон Ҵабал аҿы Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа

© Foto / пресс-служба Президента Республики Абхазия Аслан Бжьаниа дырҭааит аполигон Ҵабал аҿы Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа
Аслан Бжьаниа дырҭааит аполигон Ҵабал аҿы Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хнызқьҩык инарзынаԥшуа Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ԥхынгәы 8 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Аԥсны ахада, Аԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьани аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

© Foto / пресс-служба Президента Республики Абхазия Аслан Бжьаниа дырҭааит Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа
Аслан Бжьаниа дырҭааит Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа  - Sputnik Аҧсны
1/2
Аслан Бжьаниа дырҭааит Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа
© Foto / пресс-служба Президента Республики Абхазия Аслан Бжьаниа аицҽазыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа риҭеит
Аслан Бжьаниа аицҽазыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа риҭеит - Sputnik Аҧсны
2/2
Аслан Бжьаниа аицҽазыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа риҭеит
1/2
Аслан Бжьаниа дырҭааит Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа
2/2
Аслан Бжьаниа аицҽазыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа риҭеит

 

Бжьаниа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит.

"Аиҿкаара ҳарак аман имҩаԥысуеит ауснагӡатә. Архәҭақәа реинырра аус адулан. Избаз сгәы иахәеит. Атәыла анапхгара ԥхьаҟагьы асеиԥш иҟоу ҳарбџьармчқәа рырӷәӷәара иазырхоу аусқәа рымҩаԥгара адгылара арҭалоит", - иҳәеит атәыла ахада.

Мҽхакыҭбаалатәи аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуан аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали.

Иара убасгьы аҽазыҟаҵарақәа ирыцҵан Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы. Амотохысцәеи аҳауаҽацәыхьчаратә ҟәшақәеи, аԥшыхәцәеи, артиллеристцәеи ахыхьчаратәи ажәыларатәи усқәа аус рыдырулеит.

Иааидкыланы аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 3 нызқьҩык аруааи 300 ак арратә техникеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0