Арадио

Џьапуа ахыцуаа ртурнир азы: излауала аԥсыуала анагӡара ҳаҿуп

Ахыцуаа ртурнир аҿы аиааира згаз асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахыцхәымпал аҷыдарақәеи атурнир аԥсыуазтәуа аԥҟарақәеи ртәы.
Sputnik
Џьапуа ахыцуаа ртурнир азы: излауала аԥсыуала анагӡара ҳаҿуп

"Аицлабрақәа ирылахәын 25-ҩык, аха Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо еиҳа ҳрацәаҩуп, аҽа 20-ҩык раҟара, аха ауаа ирылагылан ахысра иацәаԥхашьо дыҟоуп, уигьы мариам. Аҷкәынцәа исзааигәоу иркуп сара иҟасҵаз ахыцхәымпал, аха ааигәа иаҳауит ажәабжь аҟабарада ҷкәын инапала иахьатәи аматериалқәа ихы иархәаны ахыцхәымпал ҟаиҵоит ҳәа. Иара иусумҭақәа иаҳа истандартуп, иаҳа уақәгәыӷыртә иҟоуп, зегьы ирзыманшәалоуп, хәыҷгьы-дугьы. Сара иҟасҵо доусы изкӡом, аԥышәа змоу иоуп акәымзар. Ҳара иаҳку еиҳарак авенграа рхыцхәымпал, насгьы дара азыхәаа рхыцхәымпал ауп, аха уажәы аԥсуа хыцхәымпал аҟаҵаразы асахьақәа иаҳҭеит, уи аҟаҵара даҿуп, ишьақәиргылоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.

Баҭал Џьапуа иажәақәа рыла, ари аспорти амилаҭтә традициақәеи реиҭашьақәыргылареи иазкуп, иара излауала аԥсыуала анагӡара ҳаҿуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Иара иамоуп ахатә ԥҟарақәа уеилаҳәазароуп милаҭтә маҭәала, иуку абџьаргьы аԥсыуазароуп. Даҽа милаҭк дҳалагылар, иара ииҭаху амилаҭтә маҭәа ишәҵаны днеир азин имоуп. Амилаҭтә маҭәа зегьы ирымамзаргьы иҷыдоу акы, ма ахҭырԥа, ма амаҟа уҳәа акы ушәызароуп, ужәҩахыр иқәыршәызароуп", - ҳәа иҳәеит Џьапуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: