Ихыцуаҩхаз ԥақәашьтәи арҵаҩы: Баҭал Ҳашба иҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукАхыцуаҩ Баҭал Ҳашба
Ахыцуаҩ Баҭал Ҳашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥақәашь ақыҭан инхо, абжьаратә школ аҟны абаҩрҵәыра арҵаҩыс аус зуа Баҭал Ҳашба дышхыцуаҩхази, ахыци ахәымпали рыҟаҵашьа шиҵази, ашколтә программа ҿыцрақәас иалеигалази ртәы шәаԥхьа Аинар Ҷыҭанаа иматериал аҿы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ахҿақәа неиуеит иаҳхыкны

Аԥсуа қыҭа Ԥақәашь шәагаалагьы иреиҳақәоу иреиуоуп. Жә-километра заҵәык роуп ақыҭа аҭбаара иамоу, аха урыла амҩахәасҭа хара еиԥш аӡиас Аалӡга аԥшаҳәа иаваршәуп. Аҭыхратә гәыԥ ҳаицны ҳаиҭааит Ԥақәашь ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ, иара убас Владимир Ԥачлиа ихьӡ зху 1-тәи абжьаратә школ аҟны абаҩрҵәыра арҵаҩыс аус зуа Баҭал Ҳашба. Аха уажәазы ақыҭа аусқәа рцашьа, мамзаргьы ашкол аԥсҭазаашьа аилкаара акәӡам хықәкыс иҳамоу.

Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Какоба: ахыцуаҩхара зҭаху рацәаҩуп

Баҭал аԥсуа хыци ахәымпали рыҟаҵара напаиркит. Иара иажәақәа рыла, ари аидеиа изцәырҵит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба телехәаԥшрала ари абџьар хкы иазкыз ицәажәара даназыӡырҩы. Усҟан иаргьы ари амилаҭ хәмарра ахкала Аҟәа имҩаԥыргало аицлабрақәа иаарласны иара иҵаҩцәагьы алаирхәырц агәаҳәара ду изцәырҵит.

"Аамҭа цацыԥхьаӡа ашколтә программагьы еиҳа-еиҳа аҿыцрақәа аларгалоит, арҵаратә знеишьақәа дырҿыцуеит. Хаҭала сара смаҭәар аҟны уажәаԥхьагьы имҩаԥызгон аҵәыршәра, ашьаҟа ахалара реиԥш иҟоу аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа. Аха ахыци ахәымпали рыӡбахә ансаҳа, анапҟазараҿы исымаз аԥышәа хәыҷы схы иархәаны, исыӡбеит ари ахкгьы ахәыҷқәа ирыдызгаларц. Уажәазы ҳхы иаҳархәаша амыругақәа хәыҷ-хәыҷы реиқәыршәара саҿуп, ҳазҭало аҵарашықәс азы хымԥада аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагоит", - иҳаилиркааит Баҭал.

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа. Адыӷаҷеи аҽҵыхәеи: Баҭал Ҳашба еиҭеиҳәеит аԥсуа хыци ахәымпали рҷыдарақәа

Аҳәымсаггьы хысуеит ҳәа баша ирҳәом

Арҵаҩы иажәақәа рыла, инапы злеикыз аус анагӡараан даараӡа дымҩақәнаҵеит аинтернет аҟны ииԥшааз аинформациа. Иара ахыци ахәымпали рыҟаҵара аус ахаҭахьы диасаанӡа, раԥхьа иҭиҵааит уи аҭоурых, еиуеиԥшым аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны уи ахархәара шамаз, насгьы иахьатәи аамҭазы ҭыԥс иннакыло уҳәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукБаҭал Ҳашба инапала иҟаиҵо ахыци ахәымпали
Ихыцуаҩхаз ԥақәашьтәи арҵаҩы: Баҭал Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Баҭал Ҳашба инапала иҟаиҵо ахыци ахәымпали

 

Баҭал иазгәеиҭеит Азиатәи аҳәынҭқаррақәа рҟны ари абџьар хкы кырӡа аларҵәара аманы ишыҟаз. Иаҳҳәап, адунеи аҟны иреиӷьқәоу ирхыԥхьаӡалоу амонгол жәлар рхыци рхәымпали ҿырԥштәыс иааго, иара иазгәеиҭеит уи абџьар аҽы иақәтәаз аибашьцәа рзы кырӡа ишыманшәалаз. Избан акәзар еиҳа иласын, насгьы аҽыбӷаҟынтәи ахысра мариан. Баҭал иажәақәа рыла, ари абџьар хкы аԥсуа вариант излыху амаҭәахәгьы ахархәашьагьы иара ахатәы ҟазшьа амоуп.

 

© Sputnik / Томас ТхайцукАхыц
Ихыцуаҩхаз ԥақәашьтәи арҵаҩы: Баҭал Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ахыц

 

"Ахәымпал азы аматериал аԥссагас рхы иадырхәо адыӷаҷа иалысхит. Иара ҳабнақәа рҿы иуԥылоит, аха иара злыҵша ишәпа-жәпоу аҵлақәа рыԥшаараа рацәакгьы имариам. Ажәытә ҳабдуцәа ишаҳдырҵаз еиԥш амза аҭәымҭазы, аҵла аӡы аналам ҳәа ианыԥхьаӡоу, амҿы анԥырҟо аамҭазы ауп адыӷаҷагьы аныԥҟатәу. Убри ашьҭахь, иԥуҟаз амарҭхә зегьы ианреиҵаха шықәсыбжак шәшьырала ирҩатәуп. Мрала иурҩаз лассы иҷҷоит, ишнеи-шнеиуа иуцәыхжәаргьы алшоит. Амаҭәахә рҩаны уанеилгалакь, уажәшьҭа аус адуларахь уаниаслакь, иахьынӡауа ала уус урласыр еиҳа уарманшәалоит. Избан акәзар ари даараӡа иҵла кьакьоуп, мыцхәы иуцәынхацәар, нас ухы иузамырхәо иумпыҵахаргьы алшоит. Урыстәыла акәзар, ари абџьар хкы аҵааҵла шьҭиаа ауп излырхуа. Ҳаԥхьаҟа сгәы иҭоуп амжәаҵла иалхны ахыци ахәымпали рыҟаҵара. Избанзар ари аҵла кыр иманшәалоуп аус адуларазы, уаҩы инапы иацааиуеит, ибзианы итаруеит", - еиҭеиҳәоит анапҟаза.

Анкьа ахәымпал рахәыцс иаҵырдоз аҽҵыхәа акәын, аха иахьа уи ԥсаххеит абырфын ала. Ишиашоу ицәу аматериал арахәыц аҵданы ианурххалакь, иааизыхәаны, ахәымпал аформа аанахәоит. Уажәшьҭа инхо ахыцқәа рыҟаҵара ауп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәымпал
Ихыцуаҩхаз ԥақәашьтәи арҵаҩы: Баҭал Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ахәымпал

Ахыц "ахыцқәа" ирҭакны

Баҭал иажәақәа рыла, ахыц аҟаҵаразы еиҳагьы аамҭеи амчи анныхтәу ҟалалоит. Ахыцқәа рзы абжьынҵә ауп еиҳа иманшәалоу, аха уажәазы аԥышәаратә хҿақәа анапҟаза аԥсаҵла иалихит. Аха урҭ хаҭабзиарала еиҳа илаҟәуп, лассы аԥҵәара рдыруеит. Иара иажәақәа рыла, ахыц аура бжьаратәла 60-70 сантиметр инаӡоит. Насгьы аҵак дуӡӡа рымоуп уи алагамҭеи анҵәамҭеи: ахыц аԥынҵа аныхьанҭоу, аҵыхәан аҵысхә анамоу, имдырӡакәа иԥыруеит, знапы ашьзырцылахьоу ахыцуаҩ изымариоуп ацәҟьа акылкаара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҵысхә иалху ахыц анҵәамҭа
Ихыцуаҩхаз ԥақәашьтәи арҵаҩы: Баҭал Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аҵысхә иалху ахыц анҵәамҭа

"Араҟа ацәҟьагьы зеиԥшроу еиԥш ауп: иаҳҳәап, икьакьоу акы уеихслар, ҳәарада ахыц дук анҵыра аиуӡом. Аха ацәҟьа ачаз ала иԥаны ианыҟаҵоу, усҟан ахҿақәагьы кыр аамҭа иԥнаҵәаӡом, итатаӡа иалашьшьуеит", - иазгәеиҭеит Ҳашба.

Анапҟаза иҳәеит Адгәыр Какоба напхгара зиҭо ахыцуаа реилазаара "Афырхы" аӡбахә шиаҳахьоу, насгьы агәыӷра ааирԥшит лассы урҭ рыҽрымадара илшап ҳәа. Избан акәзар, анапҟаза игәаанагарала, ари аспорт хкы аԥсуа хәыҷқәа рыларҵәара, агәыбылра дыркра акыр зҵазкуа усуп.

Гәдоуҭатәи аделегациа Романоваа рыҩны 300 шықәса ахыҵра азгәаҭараан - Sputnik Аҧсны
"Хьӡы алоугааит!": аԥсуаа рабџьар аныҟәгашьа

"Ииашоуп, ҳаамҭазы ахыци ахәымпали рҵаки рхархәашьа шьаҭанкыла иԥсаххеит. Анкьа ауаа ари абџьар ахкы хныҟәгагак аҳасабала иазнеиуан, избан акәзар иалашәарыцон, дара рзы уи ихымԥадатәииз мыруган. Иахьа акәзар, аамҭа ҳәарада аҽаԥсахит. Уажәшьҭа ахыци ахәымпали қьафшақә аамҭа ахгаразы ихәарҭа дуу амилаҭ хәмаррақәа рыхкык аҳасабала иахәаԥшлатәуп. Аха, ишыҟазаалакгьы, ҳара еснагь иаҳгәалашәалароуп наџьнатә аахыс аԥсуа иԥсҭазаашьа иузаҟәымҭхо ишадҳәалаз абџьар. Уи рылаҳааӡалароуп ҳхәыҷқәагьы", - игәаанагара иҳәеит Баҭал.

Аҵыхәтәан ахыци ахәымпали аус аҟны изеиԥшроу ԥаҳшәарцгьы ҳҭаххеит. Анапҟаза ихаҭа иеиԥш ибзианы ахысра ҳалымшазаргьы, мыцхәы хара иаҳцәыҭҟьаз ахҿа ицаны абардра инылаҳаит.

"Ҳхаҵкы ицеит. Уа уи аҩызцәа иагьа ҳцәылаҳахьеит", - ҳгәы ирҭынчит аԥшәмагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0