Арадио

Паӷәаа: Баслахәтәи ацҳақәа урықәлартә иҟам, ишәарҭоуп

Баслахә ақыҭа ахада Даур Паӷәаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭамҩақәеи ацҳақәеи рҭагылазаашьа шыбааԥсу атәы.
Sputnik
Паӷәаа: Баслахәтәи ацҳақәа урықәлартә иҟам, ишәарҭоуп

"Баслахә амҩақәеи ацҳақәеи рҭагылазаашьа даара ибааԥсуп. Очамчыра араион ахадара ҳақәдыргәыӷит ишҳацхраауа ала. Ацҳақәа ртәы ҳалацәажәозар, ахәыҷқәа ныҟәызго автобус ашкол аҟынӡа инаӡарцаз ацҳа иқәсроуп, аха уи шәарҭоуп аҟнытә иқәымлакәа авсырҭа ахьамоу амҩала аӡы иҭалан ицоит. Аха аӡы андуу автобус зырӡом, адуцәа рыцхыраарала ахәыҷқәа ирыргоит. Уажәы араион аҿы имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа рыла атехника ҳазыԥшуп арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргарц, нас аԥслымӡ ықәрыԥсарц ргәы иҭоуп, макьана абарҭ аусурақәа роуп имҩаԥгахо. Ацҳақәа ракәзар, араион ауааԥсыра зегьы ҳаицхырааны, ақыҭаҿы ашәарҭара зцу рых-цҳак ҟаҳҵарц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Паӷәаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: