АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik. Кьалашәыртәи ацҳа аремонт рашәарамза анҵәамҭаз иалгоит ҳәа ҳгәыӷуеит иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭоз "Аԥсныавтомҩа" аиҳабы Борис Ачба.
"Ахарџьынҵала ахәԥса миллионки 800 нызқь мааҭи рҟынӡа инеиуеит. Аусурақәа мҩаԥыргоит "Ацентртә ремонттә ҟазарҭақәеи", уи "Аԥсныавтомҩа" аҟәшақәа ируакуп, "Аԥсныҟәарахьчареи". Дара уажәы уа аусурақәа мҩаԥыргоит", - иҳәеит Ачба.
Ачба иара убасгьы иҳәеит "Ацентртә ремонттә ҟазарҭақәа" 492 нызқь мааҭ рыхә аусурақәа шымҩаԥнагахьоу, "Аԥсныҟәарахьчара" - миллионки 300 нызқь мааҭи рыхә. Ачба иҳәеит акарантин шыҟазгьы, аусурақәа шцац ишцоз, автомҩа хада арыцқьарақәа шымҩаԥыргоз.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лаҵара 19 рзы аинспекциа азылуит Каманҟа узго Гәыматәи амҩа. Ара лара илзеиҭарҳәеит анардадаҩцәа Каманҟа узлацо амҩа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рыграфик еиларгеит, ҿыц иадԥхьалоу анардадаҩцәа ҩымз рыҩнуҵҟа амҩа ҟаҵаны иалгароуп ҳәа.
Кристина Озган лгәаанагарала, абри аҩыза аҭагылазаашьаан аилаӡарақәа реиҭарыхәаԥшра ахәҭан, даҽа нардадаҩцәак рнапы ианҵаны ианаамҭаз аусурақәа хыркәшатәын.
Борис Ачба иажәақәа рыла, Озган лнапынҵа нагӡоуп, аилаӡара ҿыц ҟаҵоуп, аусурақәа рхыркәшара ҩымз ирхыгахом.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Озган анардадаҩцәа рус ҟарымҵар Апрокуратура хадахь дшырзашшуа лҳәеит