Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" сынтәа апандемиа иахҟьаны иҟалом

Аслан Бжьаниеи Хьыбла Гьерзмааԥҳаи реиԥылараан илҳәеит есышықәсатәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" сынтәа апандемиа иахҟьаны ишзымҩаԥымсуа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik. Есышықәсатәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" сынтәа апандемиа иахҟьаны имҩаԥгахом, абри атәы лҳәеит Аԥсны жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылараҟны.

Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" сынтәа апандемиа иахҟьаны иҟалом

Гьерзмааԥҳа иазгәалҭеит гәахәара дула Аԥсныҟа дшааз. Илҳәеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" сынтәа апандемиа иахҟьаны ишзымҩаԥымсуагьы ԥхьаҟазы ишынхо, ишыҿио.

"Сынтәа иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны афестиваль мҩаԥгатәым ҳәа иазысыӡбеит. Еиуеиԥшым егьырҭ афестивальқәа абасеиԥш рыҿҳәара ахыгоуп", - лҳәеит лара.

Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа леиҳәеит Хьыбла зегь еицырзеиԥшхаз апроблема еилкааны дахьазнеиз азы.

"Ҳара зегьы акыр агәҭынчымра ҳаман шәҭагылазаашьазы (Хьыбла акоронавирус чымазара лхылгеит-аред). Анцәа иџьшьаны зегьы шьҭахьҟа инхеит. Арыцҳара ҳаҩсит", - иҳәеит атәыла ахада.

Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" сынтәа апандемиа иахҟьаны иҟалом

Хьыбла Гьерзмааԥҳа Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа иаҳәо иазгәалҭеит Кремль аҭыԥ змаз реиқәшәара шылгәалашәо.

"Саргьы шәбара сеигәырӷьоит. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ачҳара, амч, алшара. Сгәыӷуеит шәгәы иҭашәкуа зегьы шәылшәыршап, Аԥсны ашәҭыкакаҷрахь амҩа ианылап ҳәа. Анцәа иҳәааит шәкоманда, дарбанызаалак шәымҩаҿ ишәԥыло зегьы шәывагыло, ацхыраара шәырҭо. Аҽазныкгьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа", - лҳәеит лара.

"Ҳара акраамҭа насыԥ ду ҳаманы ҳанхарц ҳгәы иҭоуп, убри азы Аԥсны иҟалашт имаҷымкәа акультуратә ныҳәақәа", - иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла ахада иҳәеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" аҳәынҭқарраҟынтә еснагь адгылара шаиуа.