Арадио

Бебиаԥҳа: афырхацәа рҭоурых гәыла аԥхарра аумҭар, ашәҟәгьы зыҟалаӡом

Ажурналист, апублицист, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Аҳаракырахь амҩа" аӡыргара мҩаԥган Sputnik апресс-центр аҿы. Ашәҟәы автор иазгәалҭеит, лџьабаа алҵшәа анылбо амш ныҳәак аҳасабала ишлыдылкыло.
Sputnik
Бебиаԥҳа: афырхацәа рҭоурых гәыла аԥхарра аумҭар, ашәҟәгьы зыҟалаӡом

"Авторцәа ҳзы, ашәҟәы еиқәзыршәо, изыҩуа ҳзы даара инасыԥ мшуп аӡыргара амш. Ныҳәатә мшуп. Ауаҩытәыҩса иџьабаа иааизакны џьарак иааганы, напык аҟны ианнеиуа ҳаҟара ҳацнаҵоит, ҳамч ҳнаҭоит, ҳгәырӷьара ҳәаак амаӡам, насгьы иара аныбзиахо. Аха ашәҟы бзиахарц азы автор лыдагьы шәҩык рнапы ахьысроуп. Са сышьҭахь анапҩымҭа иаԥхьоит аредакторцәа, урҭ рџьабаагьы маҷым. Ашәҟәы афырхацәа зегьы сгәы рзыбылуеит, зегьы рҭоурых гәыла аԥхарра румҭар, ашәҟәгьы зыҟалаӡом", - азгәалҭеит Бебиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: