"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация новой книги Екатерины Бебия "Дорога к вершине"
Презентация новой книги Екатерины Бебия Дорога к вершине - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Екатерина Бебиаԥҳа - еицырдыруа аԥсуа журналист, апублицист, Аԥснытәии Ҟәбантәии аҳәынҭқарратә университетқәа рпрофессор, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла "1992-1993 шш. рзы Аагәымшәареи апрофессионаллеи раарԥшразы" апремиа алауреат 40 инареиҳаны шәҟәы дравторуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Ажурналист, апублицист, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Аҳаракырахь амҩа" аӡыргара мҩаԥган Sputnik апресс-центр аҿы ашәахьа, ԥхынгәы 20 рзы.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган
Аҳаракырахь амҩа: Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган - Sputnik Аҧсны
"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган

Ашәҟәы еиқәыршәоуп ҩ-бызшәак рыла - аԥсышәалеи урысшәалеи. Уи рызкуп Аԥсны аҭоурых ашьақәгылараҿы аџьабаа ду збаз Аԥсни Ҟарачы-Черқьесиеи рҟны еицырдыруа ауаа. Раԥхьатәи адаҟьақәа аатуеит Аԥсны ахадацәа ирызку анҵамҭақәа рыла.

Аӡыргарахь ааԥхьара лыман ашәҟәы аԥсуа версиа аредактор Гәында Аӡынба. Гәында ишазгәалҭаз ала, Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәқәа рҿы еснагь иӡырылгоит Аԥсны акультуреи аҭоурыхи ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы акыр зылшаз ауааи.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган
Аҳаракырахь амҩа: Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган - Sputnik Аҧсны
"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган

"Иудыруа ауаа рҭоурых уанаԥхьо угәы иаанагоит, иҿыцу акгьы саҳарым ҳәа. Аха ашәҟәаҟны аҭынхацәа, аҩызцәа ражәақәа уанрыԥхьалагь, дыздыруан ҳәа иуԥхьаӡоз ауаҩы зынӡа дҿыцны дузцәырҵуеит, даҽа блақәак рыла уихәаԥшуеит", - лҳәеит Гәында.

Ашәҟәы аӡыргара иалахәын иара убас уи адаҟьақәа рҿы зыӡбахә аагоу афырхацәа. "Аҳаракырахь амҩа" аҟны иануп Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа еснагь ирызҿлымҳау, уи аҿиараҿы злагала дуу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аиҳабы Муса Екзеков. Иара аӡыргара иақәыршәаны адныҳәалара ааишьҭит.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган
Аҳаракырахь амҩа: Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган - Sputnik Аҧсны
"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган

"Агәраганы сыҟоуп, шәара еснагь шәынҵамҭақәа рыла ҳашшәыргәырӷьало. Сгәы иаанагоит, иаԥхьо зегьы ари ашәҟәы ацәанырра ҟәандақәа шрызцәырнаго", - иҳәеит Муса.

Аԥсны еицырдыруа архитектор, зочерк ашәҟәы иагәылалаз Игор Смыр ииубилеи иақәшәеит ашәҟәы аӡыргара, иара Екатерина Бебиаԥҳа иҭабуп ҳәа лаҳәо, итәаз зегьы рҿаԥхьа даԥхьеит автор илзикыз ажәеинраала.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган
Аҳаракырахь амҩа: Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган - Sputnik Аҧсны
"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган

Екатерина Бебиаԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит иааиз зегьы. Автор иазгәалҭеит инакәызаалакгьы аӡыргара дуны ишыҟарҵалоз, аха иахьа акоронавирус иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа амшала ирмаҷны иҟарҵар акәхеит. Аха иагьа ус иҟазаргьы, ари даара акыр зҵазкуа мшуп, уи наҟ-наҟ аусура арҭбааразы агәаҳәара унаҭоит лҳәеит Бебиаԥҳа.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган
Аҳаракырахь амҩа: Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган - Sputnik Аҧсны
"Аҳаракырахь амҩа": Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган

Ашәҟәы "Аҳаракырахь амҩа" ҭыжьуп автор лхарџь ала. Ашәҟәы еиднакылоит ҳуаажәларраҿы иналукааша ауаа рҭоурыхқәа. Атираж 400 цыра ыҟоуп, ашәҟәы еиқәыршәоуп аԥсышәалеи урысшәалеи.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәии Ҟәбантәии аҳәынҭқарратә университетқәа ажурналистика акафедрақәа рпрофессор, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи реидгылақәа рхаҭарнак Екатерина Бебиаԥҳа иҭлыжьхьеит 40 инареиҳаны ашәҟәқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0