Арадио

Бганба еиҭеиҳәеит Гал ақалақь амш шазгәарҭаз атәы

Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Омар Бганба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ақалақь амш шазгәарҭаз атәы.
Sputnik
Бганба еиҭеиҳәеит Гал ақалақь амш шазгәарҭаз атәы

Ԥхынгәы 19 рзы ақалақь Гал 88 шықәса ахыҵит.

"Ақалақь 88 шықәса ахыҵра иаҳа инарҭбааны иазгәаҳҭар ҳҭахын, аха апандемиа иахҟьаны иаармаҷшәа иазгәаҳҭеит. Ашьыжь ашәҭқәа шьҭаҳҵеит абаҟа ашьапаҿы. Акультура ахан аԥхьа ашәақәа уаҳауан, апарк ауаа неиааиуан, рыԥсы ршьон. Ахәылбыҽха асааҭ 5 рзы ашьапылампылтә еиндаҭлара мҩаԥган. Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази аилак аусзуҩцәеи сасцәаны иаҳҭан. Астадион аҟны хәышәҩык инареиҳаны ахәаԥшцәа ыҟан. Ашьапылампыласцәа-аветеранцәа реиԥылара еиҭахарала ихыркәшахеит", - иҳәеит Бганба.

Иара иазгәеиҭеит Гал ишаԥсыуа қалақьу узырдырша иҟаҵатәу шырацәоугьы, иахьа агәахәара шунаҭо аныҳәақәа раан аԥсшәа уаҟа иахьуаҳауа.

"Аныҳәақәа раан ахәыҷқәа аԥсышәала ажәеинраалақәа ирыԥхьоит, икәашоит, ишәаҳәоит. Иҟаҵатәу рацәоуп, аха иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы исҳәар сылшоит уаҩы игәы иахәаратәы иҟоуп аԥсуара аганахьала араион аҟны иҟоу аларҵәара. Уахьыҟацәҟьоу узымдыруазар џьара ԥсыуа қыҭак аҟны уҟоушәа угәы иаанагар ҟалоит", - иҳәеит Бганба.

Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо убасгьы еиҭеиҳәеит ааигәа амшцәгьақәа ирыхҟьаны ақалақьуаа аӡхыҵра ирынаҭаз аԥхасҭа шҭҵаау, хара имгакәа аиҳабырахь ашәҟәы шынашьҭхо.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: