Ҭыжәба: Гал ақалақь ахаҿра арԥшӡаразы аусқәа аамҭала иаанкылоуп
"Ақалақь аҩныҵҟа иазгәаҭан иҳамаз аусқәа рынагӡара амш иҳанамҭеит. Хымш раԥхьа иаҳзауит асы, анаҩс ақәа, аҵаақәагьы ҟалеит. Ҳгәы иҭан амҩақәа нап рыдаҳкыларц, ацҳақәа ҳшәырц, ажәакала, ааԥынтәи аусқәа ақалақь ахаҿра арԥшӡаразы ҳрылагарц. Шьҭа амшқәа шааҟалак урҭ аусурақәа нап дҳаркуеит. Аҵаақәа аӡымҩангагақәа ԥырхага рынамҭеит, ақалақь ауааԥсыра ишахәҭоу еиԥш аӡы роуеит. Гал аҩныҵҟа аӡымҩангагақәа реиҳарак ԥсахуп, аӡеизгарҭа хада аҟнытә ԥсахтәыс иҳамоу 500-700 мм ашәага змоу аӡымҩангагақәа роуп, аха уи ақалақь ахала ахахьы иазгом, избанзар 12 километра инарзынаԥшуа иԥсахтәны иҟоуп. Ана-ара иахьыԥжәо акәзар, иаразнак аспециалистцәа цоит иҟарҵоит", - ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.