Шәачаа ашоура ӷәӷәа ҟалоит ҳәа ргәы рҽанырҵоит

Аҳауагәаҭаҩцәа ишазгәарҭо ала Шәача акурорт иахьаҵанакуа аҳауа 38 градус рҟынӡа ихалоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 20- Sputnik. Ԥхынгәы 20 рзы Шәача иахьаҵанакуа ашоура ӷәӷәа ҟалараны иҟоуп, аҳауа ҭыԥқәак рҿы 37 градус рҟынӡа ихалоит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Краснодартәи атәылаҿацә АҶА иазԥхьагәанаҭоит аҭагылазаашьа ҷыдақәа: аиланхарҭақәа, аекономикатә обиектқәа, абнарақәа рҟны амцакра ҟалар алшоит ҳәа.

АҶА иазгәанаҭоит амцакра ашәарҭадара аԥҟарақәа ирықәныҟәалазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: