Ԥхынгәы 21 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

АУН "Аӡыканал" аремонттә усурақәа мҩаԥнагараны иҟоуп Аҟәа, Арӡынба, Иналиԥа, Гәлиа, Варданиа, Ҷоҷуа рымҩақәа рҟны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Ԥхынгәы 21, асааҭ 00:00 инаркны 19:00 рҟынӡа Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡы ҟалаӡом Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгеиаа рымҩа, авокзал, ВИЕМ, ақалақь агәы, аџьармыкьа иахьрыҵаркуа араионқәа рҟны.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.