Аекспорт ахь: аԥсуа цха Роспотребнадзор аҭахрақәа ирықәшәо иҟалоит

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа Аԥсны ашьхааӡара знапы алаку дырԥылеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны ашьхааӡаҩцәа еидызкыло ареестр еиҿкаазарц, ашықәс аҩныҵҟа иаадрыхуа ацхаалыҵ ахышәаҵышәа ашьақәыргыларазы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Уи адагьы Џьапуа иазгәеиҭеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистррахь ашәҟәы шазнархио Роспотребнадзори дареи реицхыраарала аԥсуа цха Урыстәыла аҭиразы иахәҭаны иҟоу аҭахрақәа рышьақәыргыларазы.

"Ҳара ибзианы иаадыруеит Роспотребнадзор ацхеи ашьхаалыҵқәеи рганахьала иамоу аҭахрақәа. Урҭ инарықәыршәаны, Урыстәыла иахьаҵанакуа аҭира ҟалом зорганолептикатәи зфизика-химиатәи рбагақәа еиҭаку ацхеи ашьхаалыҵи. Ацха аҭиразы иара убасгьы иаҭахны иҟоуп алабораториатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара аиҿкаара", - иҳәеит аминистр.

Ашьхааӡара аусхк иалахәу рхаҭарнакцәа аиԥылараҟны ирҳәеит аалыҵ аҭиразы аԥынгылақәа шрымоу. Иара убасгьы апроблема аманы иҟоуп АУН "Аԥсныцхеи" дареи реинырра.

Дара ргәаанагарала, азауад анапынҵақәа ишахәҭоу инанагӡалароуп аалыҵ аҵәахреи аҭреиҿкаареи рганахьала.

Џьапуа иажәақәа рыла, Аиҳабыра иахьазы ашьхаалыҵ ахышәаҵышәа аизырҳара аинтерес рымоуп, "Аԥсныцха" акәзаргьы ауааԥсыра ирымарыхәҳауа ацха аҭира ишахәҭоу еиҿнакаароуп.

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа ашьхааӡаҩцәа агәра диргеит хара имгакәа иҳәаз зегь азгәаҭаны аусутә план шеиҿкаахо ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: