Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Ауаажəларратəи аҳəынҭқарратəи усзуҩ, "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу Владимир Џьамал-иҧа Аҩӡба ихаҭарала, иԥсадгьыли иуаажəлари, Аԥсны аҭоурыхи рдаҟьақəа рҿы наӡаӡа ишьҭамҭа аанижьит. Ҷыдала акыр илагала дууп аҳəаанырцə инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳус аҿы.
Жəабранмза, 1994 шықəса инаркны 2014 шықәсанӡа Владимир Џьамал-иҧа Аҩӡба 20 шықəса инеиԥынкыланы Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭрнакраҿы аус иуан. Уахь ицара шыҟалаз атəы ҳаиҿцəажəарақəа руак аҿы дазааҭгылахьан:
"Ҭырқəтəылаҟа сара сзышьҭыз Аԥсны Аҳəынҭқарра раԥхьатəи Ахада Владислав Арӡынба иоуп. "Шықəсык уҳазца", - ҳəа саиҳəеит. Шықəсык сцаны санаа Аԥсныҟа, "даҽа шықəсык уеиҭаҳазца", - иҳəеит. Убас еиҧш 20 шықəса ҵит ҳдиаспореи сареи амшыннырцə ҳаҧсҭазаара еицымҩасуеижьҭеи", - иҳəон Владимир Аҩӡба Ҭырқəтəылаҟа ицара атəы игəаларшəауа.
Владимир Џьамал-иҧа Аҩӡбеи Ҭырқəтəыла инхо ҳдиаспореи реимадара хацыркужьҭеи акрааҵуеит. Иара излаизгəаиҭоз ала, уи ахы акит 1960-тəи ашықəсқəа рзы, асаламшəҟəқəа рыбжьысра ианалага инаркны. Убри нахыс уахгьы ҽынгьы еимадан ҳџьынџьуааи иареи. Гəыҵхас иман ҳадиаспора рҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь рырхынҳəра, ҳажəлар ирхыргаз аҭоурых ишахəҭоу еиҧш аҭҵаара.
Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба, Владимир Аҩӡба дигəаларшəауа иазгəеиҭеит, Аԥсны ахаҭарнакра аиреи ашьақəгылареи иара ихьӡ шадҳəалоу, гəыла-ԥсыла ииуаажəлар бзиа ишибоз, уи азы хамеигӡарада аус шиуаз.
"Иҳаҳаз ажəабжь даараӡа ҳгəы ҳнархьит. Даара ихарҭа ҳадуп ара инхо аԥсуаа, аҳəынҭқарра аганахь ала Аԥснынтə раԥхьа иааз иоуп. Ҭырқəтəыла иқəынхо ауаажəларра ҳҿы иҭыҧ хазын. 20 шықəса инархыҳəҳəаны ара аус амҩаԥгара мариам, ууаажəлар бзиа иумбозар, аԥшьгара ҿыцқəа урышьҭамзар унапы злаку аусгьы узынагӡом. Ихы аџьабаа арбаны ҳауаажəлар иыхəарҭоу акыр ҟаиҵеит", - ҳəа азгəеиҭоит Аҭанур Аҟəысба.
Аиаша иазықəԥоз, аԥсҭазаара ацəгьеи абзиеи еилзыргоз, иуаҩы аамысҭашəаз, згəы разыз, дипломатиатə ҟазшьала инапы иҵыҵуаз аусқəа ирызнеиуаз Владимир Џьамал-иҧа Аҩӡба, акыр шықəса Ҭырқəтəыла иҟазаара ҳмилаҭтə хдырра аиқəырхара ианыԥшит, ҳаимадара аус иацхрааит.
"Аԥсуа Федерациа анаԥаҳҵоз, аԥсуаа рхеидкылақəа анышьақəҳаргылоз, аиаша шəасҳəоит, ҳара ҳаиҳа аџьабаа ибеит, ҳара ҳаиҳа ҩ-напыкала аус иахаҵгылоз, аԥхьа игылоз аӡə иакəын", - иҳəеит Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.
Аҭанур Аҟəысба излаиҳəо ала, уаха Сҭамԥыл ақалаақь аҿы Аԥсны ахаҭарнакраҟны, акыр шықəса иара ауада дахьыҩнатəаз, иԥсҭазаара ахьымҩасуаз аҭыԥ аҿы агəалашəаратə хəылԥазы еиҿыркаауеит.
"Аиҭанаиааирақəа ыҟаҭгьы, амҩақəа аартызҭгьы, хымԥада Владимр Аҩӡба иҭаацəа ирыдышшыларц инеиуаз ҳџьынџьуаа рацəаҩхон. Иҩызцəа абыргцəа срацəажəон, даара гəыхьс дҟазҵаз, зылаӷырӡқəа аауаз рацəаҩын, рхы-ргəы цəгьа далсит. Ачымазара иҟоу иахҟьаны ауаа рацəа ҳзеизымгаргьы, ахеидкылақəа рхаҭарнакцəа, Аԥсуа федерациа ахадара уҳəа иусурҭа аҭыԥ ахь ҳнеиуеит, даҳгəалаҳаршəоит. Аԥсныҟа амҩақəа ҳазхызтыз дреиуоуп", - ҳәа игəалашəарақəа ҳацеиҩишон Аҭанур Аҟəысба.
Аҳəатəи аҳəашьеи здыруаз, аиҳаби аиҵби рацəажəара иақəшəоз, иахьанаало алафгьы зхы иазырхəоз Владимир Џьамал-иԥа аҭоурых акыр дазҿлымҳан, иидыруаз аҭысқəа, ҳажəлар рҿаҳəы абиԥарақəа рымадара бзиа ибон, иахəҭангьы иагьиԥхьаӡон.
"Ҭырқəтəылеи Аԥсни аиҭанаиааирақəа аныҟамыз аамҭа далацəажəон, аиҳабацəеи иареи асаламшəҟəқəа шрыбжьаз еиҭеиҳəон, Асовет аамҭазы 1968 шықəса рзы арахь дшааз, аԥсуааи иареи шеибабаз атəы ҳаиҳəалон, изыӡырҩра бзиа иаҳбон, аҭоурых аҟынтə игəалашəарақəа рацəан, иаҳзымдырқəоз ҳиазҵаауан, иҳаиҳəон, ҳамҩақəиҵон. Дҳагхеит ауаҩ ду, ауаҩ ҟəыш, иԥасҭа лашазааит, имшра иҭаацəа ирзынхааит", - иҳəеит Аҭанур Аҟəысба.
Зажəеи зуси еиҟəымҭхо еимадаз, аԥсҭазаара аҟыбаӡыбара зхызгаз, Ешыра ақыҭа ииз Владимир Џьамал-иҧа Аҩӡба наунагӡа ҳажəлар ргəаҵаҿы даанхоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Иԥсҭазаара далҵит адипломат, ажурналист Владимир Аҩӡба