Аҟәа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

2020 шықәса хәажәкырамза аахыс Аҟәа араион ахада инапынҵақәа аамҭала инаигӡон Алхас Ҷыҭанаа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала, Аҟәа араион ахада инапынҵақәа наигӡалоит Алхас Ҷыҭанаа ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Уаанӡа Алхас Ҷыҭанаа Аҟәа араион ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Хәажәкыра 24, 2020 шықәса рзы Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба иусдҵала Аҟәа араион ахада инапынҵақәа аамҭала инаигӡон Алхас Ҷыҭанаа.

Уаанӡатәи Аҟәа араион ахада Валери Смыр хәажәкыра 23 рзы хатәгәаԥхарала имаҵура шьҭеиҵеит.