Гал араион ахада инапынҵақәа наигӡалоит Константин Ԥлиа

Омар Бганба Гал араион ахада инапынҵақәа наигӡон 2019 шықәса ԥхынҷкәынмза аахыс. Константин Ԥлиа 2012 шықәса раахыс Аҟәа ақалақьтә еизара ахантәаҩыс дыҟан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Омар Бганба Гал араион ахада инапынҵақәа рынагӡараҟынтә ихы дақәиҭитәит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа иусдҵала, Гал араион ахада инапынҵақәа наигӡалоит Константин Ԥлиа.

Уаанӡатәи араион ахада Ҭемыр Надараиа ихы дақәиҭтәын 2019 шықәса, ԥхынҷкәын 5 рзы.

Константин Ԥлиа 2012 шықәса раахыс Аҟәа ақалақьтә еизара ахантәаҩыс дыҟан.