Ҳхатәы мчқәа рыла: ашахмат азы афестиваль "Abkhazia Open-2020" мҩаԥысуеит Аҟәа

Афестиваль "Abkhazia Open-2020" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik. XVII ашахматтә фестиваль "Abkhazia Open-2020" аатуеит нанҳәа 3, асааҭ 17:00 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашахматасра афедерациа ахада Константин Ҭыжәба.

Жәларбжьаратәи ашахматасыҩ имш Аԥсны турнирла иазгәарҭеит

"Сынтәа ишаабо ала Аԥснытәи ашахмат асыҩцәа ракәхоит еиндаҭло. Урыстәылантәи аӡәгьы дзаауам. Аҭел иаҳзасуеит, ашәҟәы рыҩуеит аха жәибыжь шықәса раахыс иаауа ҳатрадициа ҳзеиԥҟьом" - иҳәеит иара.

Зегь раасҭа алахәылацәа рацәан 2007 шықәсазы – 325 шахматасыҩ ыҟан. "Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы шәҩык рҟынӡа инаӡон алахәылацәа. Сынтәа 50-ҩык рҟынӡа ҳарзыԥшуп", - ҳәа иҳәоит Ҭыжәба.

XVII ашахмат азы афестиваль "Abkhazia Open-2020" хыркәшахоит нанҳәа 11 рзы.

Аиндаҭлара иалахәхар рылшоит ақәра иахьмырԥшыкәа. Атурнир мҩаԥгахоит ФИДЕ аԥҟарақәа рыла, швеицариатәи асистемала, 9 туркны, акомпиутертә ҵәҭаԥсара ахархәарала.