Арадио

Аҩӡба асанитартә маҵзура аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы иҟанаҵаз абжьгарақәа рзы: ҳарзыхиоуп

Аԥсшьарҭатә ҩны "Литфонд" аиҳабы Анатоли Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит асанитартә маҵзура аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы иҟарҵо абжьгарақәа рынагӡара ахьынӡазалыршоу атәы.
Sputnik
Аҩӡба асанитартә маҵзура аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы иҟанаҵаз абжьгарақәа рзы: ҳарзыхиоуп

"Ақьаад ҳауит, иану абжьгарақәа гәаҳҭеит, ҳаҩныҵҟа аизарақәа мҩаԥаагеит, зегьы рнапы ианаҳҵеит, ажәала акәымкәа, усла. Сгәанала иахьатәи амш азы аԥсшьаҩцәа рыдкылара ҳазыхиоуп. Акызаҵәык, ҳа хҿы акрыфара зныкала 600-ҩык инареиҳаны иҩналоит, аха аишәакәа зегьы ҩба-ҩба метра рыбжьазароуп, убра аилахара ҟалар алшоит акәымзар, уаҳа ҳаилазырхо ҳәа ыҟаӡам. Амшын аԥшаҳәаҿы амыругақәа ишрыхәҭоу еиԥш еибыҭоуп, 400-ҩык рҟынӡа аҭыԥқәа мазеиуп. Арзҩыдара зламҩаԥаҳгаша зегьы аахәаны иҳамоуп, иқәҳаргылеит. Ҳаанызкыло ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ҳхатәы амедицинатә усзуҩцәа ҳамоуп, дара роуп егьырҭ ҳусзуҩцәагьы аҿкы аҽацәыхьчаразы имҩақәызҵо. Аԥсшьаҩцәа ҟалар, ҳусура еиҳагьы иҳарӷәӷәоит ", - ҳәа еиҭеиҳәет Аҩӡба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: