Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чачхалиаԥҳа: аԥсшьаҩы идкылара мариоуп, аус злоу ачымазара имоу-имаму ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукМадина Чачхалия
Мадина Чачхалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асанитартә-епидемиологиатә маҵзура асасааирҭақәа рзы иҟанаҵо абжьгарақәа рықәныҟәара зеиԥшрахо азы арадио Sputnik аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит Аҟәатәи асасааирҭа "Гора Баграта" администратор Мадина Чачхалиаԥҳа.
Чачхалиаԥҳа: аԥсшьаҩы идкылара мариоуп, аус злоу ачымазара имоу имаму ауп

Акоронавирустә ҿкы алаҵәара аиур аналшо аамҭазы асасааирҭақәа аус шыруша азы абжьгарақәа ҟанаҵеит Аԥсны асанитартә-епидемиологиатә маҵзура.

Ихадароу аԥҟарақәа рҟынтә: аԥсшьаҩцәа ачымазара шрымам азы аилыркаа рымазароуп. Уи рзылҩызаароуп аԥсшьарҭахь ианнеиуа аамҭазы хымш иреиҳамкәа изхыҵуа. Аԥсшьарҭаҟны аус зуа ус еиԥш ргәабзиаразы аилыркаарақәа рымазаруп, аусура ианалаго аамҭазы мчыбжьык еиҳамкәа аҽҳәара аҭаны. Аԥсшьаҩцәа асасааирҭахь аанҿасра ианнеиуа, иара убас уа иахьынӡанхо есҽны ршоура шәалатәуп. Аномер аҟны ԥсшьара инеиз аӡәаӡәала инхоит ҭаацәак иаҵанамкуазар. Убасгьы асасааирҭақәа рыкрыфырҭақәа рҿы аишәақәа ҩ-метрак еиҵамкәа ирыбжьазаруп. Иарку ауадақәа рҿы ауаа рацәа реизараан асабрадақәа ныҟәгалатәуп. Убасгьы лассы-лассы ирыцқьалатәуп асасааирҭақәа, арзҩыдаратә хархәагақәа рганахьала хәымш еиҵамкәа иазхаша аҭаҵәах ыҟазароуп.

"Ацқьара иазку аҳәамҭа, уи ахаангьы ҳзықәныҟәоз ԥҟарақәоуп… Егьыс аԥсшьаҩы идкылара, акрыфарҭаҟны аӡәаӡәала рыртәара атәы ҳҳәозар, ҳсасааирҭа дууӡам, 50 номергьы ыҟаӡам, акрыфарҭаҟны 25-26 аӡәаӡәала иаҳзыртәа-иҳазмыртәа убри ауп азҵаара. Иаашәырты, ауаа ҩналоит рҳәар, сгәаанагарала ашәҟәы иану зегьы ухы иаурхәаша, ҳақәныҟәартә ҳаҟоуп. Аҳәаа иахыҵны аԥсшьаҩцәа ааины ҳара ҳҟны ианыҩнало атәы мариоуп, аус злоу аҳәаа ианахыҵуа ишгәарҭо ауп. Ачымазара рыманы иааир, убри ауп сзыцәшәо, избанзар аҩны ахәыҷқәа, сҭаацәа ыҟоуп. Сгәаанагарала, ҳҳәынҭқарраҟны ҳазхиаӡам ус еиԥш ачымазара змоу рыдкылара, уи даара сацәшәоит", - лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0