Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Сынтәа иҵуеит 40 шықәса Москва Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысиижьҭеи. Ажәҩаҵшьразы еиндаҭлоз аспортсменцәа Галтәи абазаҿы иазыҟарҵон. Аспорттә обиект иахьатәи аҭагылазаашьеи ачемпионцәа уа ирынхашьази ртәы Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Рацәак идуум ақыҭа Актәи Гал, Гал ақалақь иацәыхарам. Уажәы уаҟагьы егьырҭ аҭыԥқәа шыҟоу иҟоуп аҭагылазаашьа – аҽа усурак змам ақыҭауаа ақыҭанхамҩа рнапы алакуп, аибашьра иннажьыз ахҭыԥқәа ҭыккаӡа иуԥылоит.

Иахьатәи Актәи Гал збо агәра игашам 27 шықәса раԥхьа ара аԥсҭазаара еилашуан ҳәа, Асовет Еидгыла зегь аҟынтәи арахь аспортсменцәа аҽазыҟаҵараз иааргон ҳәа.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Виачеслав Миқаа Гал дыззымдыруа дмаҷуп. Раԥхьа иргыланы ахьынапқәа имоуп рҳәоит. Аџьармыкьаҿы иԥҳәыси иареи инапала иҟаиҵаз аҽага, аиха, аигәышә, амагана рҭиуеит. Виачеслав – абаидаркақәа рыжәҩаҵшьразы аспорт дшазҟазоу, ачемпионцәа шазыҟаиҵо шамахамзар аӡәгьы издырам.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

"Уи уажәшьҭа уаҩ хырыҩ аиҭом", - иҳәоит иара ажәытә спортбазахь аекскурсиа ҳзымҩаԥго.

Виачеслав абаидаркақәа рыжәҩаҵшьраз аспорт аинтерес икит 1975 шықәса рзы аррантә даныхынҳә ашьҭахь. Иара иҭахын СССР еизгоу акоманда далахәхарц, аха иоура инамыруит. Ажәҩаҵшьҩы иоура 178 сантиметр еиҵамзароуп, Виачеслав 14 сантиметра игхеит.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

"Аспортсмен заҟа дауу аҟара еиӷьуп ари аспортхкы аҿы. Аха сара хьаа ҟасымҵеит, избанзар москватәи азыҟаҵаҩцәа рдырра зегь рҿысҵаахьан", - иҳәоит иара.

Арежим ӷәӷәеи аԥсҭазаара хааи

Аԥсныҟа ажәҩаҵшьыҩцәа шықәсык ахь ԥшьынтә иаауан, Европа, адунеи ачемпионатқәеи, Аолимпиатә хәмаррақәеи рҽырзыҟарҵарц.

Виачеслав иажәақәа рыла, аспортсменцәа ррежим ӷәӷәан: ашьыжь асааҭ быжьба рзы игылон, иҩуан, шьыжьхьа ашьҭахь аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Шьыбжьышьҭахь ҩ-сааҭк аԥсшьара рыман нас еиҭах аҽазыҟаҵарақәа.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Аспортсменцәа аспорткомплекс аҿи акоттеджқәа рҿи инхон. Уажәгьы иубоит амҵәышәымпыл асырҭа адәы.

"Иџьоушьартә иҟаз ахәыҟаҵаҩцәа аус руан аратәи ахәыҟаҵарҭаҿы. Шәааи, ишәсырбоит", - иҳәеит Виачеслав.

Акрыфарҭа иахьагьы аус ауеит, еиҭакракгьы амам. Амала уажәы "аресторан" ахьӡуп. Имшынԥшшәылоу акафель, икьаҿу аԥардақәа, амҿлых еишәақәа – асовет аамҭа угәаладыршәоит. Аԥенџьырқәа рҟынтәи иубарҭоуп Галтәи "амшын". Ус иашьҭан ажәҩаҵшьыҩцәа рҽахьазыҟарҵоз аӡеизакырҭа.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

"13 фатәыхк рыдыргалон аспортсменцәа. Ацха инаркны аԥсыӡқәырҭ аҟынӡа", - ҳәа игәалаиршәоит Виачеслав.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Европаҟа укылызго аусура

"Аресторан" ҳахьдәылҵыз даҳзыԥшны дгылан зыхцәы шлаз аԥҳәыс.

"Сиасны сцон. Сыԥшызар акамерақәа кны иҭышәхуеит. Аинтерес скит, ӡәыр аспортбаза еиҭашьақәиргылар иҭаххазар ҳәа сгәы иаанагеит. Сара ара аус зуан", - лҳәеит лара.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Медико Кокава аспортбаза акадрқәа рыҟәша деиҳабын 20 шықәса инарзынаԥшуа. Зынӡа ара аус руан 130-ҩык. Лара хаҭала илдыруан аолимпиатә чемпионцәа Иури Филатов, Галина Крефт, Владимир Парфенович, Виталии Леониди Ивановаа.

"Шәхаҿы ишәзаагом закә ԥсҭазаараз ара еилашуаз. Аспортсменцәа рхатә ҳақьымцәа рыцны иаауан. Ишакәым ак ҟалар аиҳабыра рҿы иашшуан", - лҳәоит лара.

Медико лажәақәа рыла, аспортбазаҿ аусура зҭахымыз дыҟамызт. Аулафахәы думзаргьы еснагь ироуан. Аиҳаракгьы аспортсменцәа аҳәаанырцәынтә еиуеиԥшым асувенирқәа ааргон.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Ақыҭа ажәытә еизҳазыӷьара ҳалацәажәо ҳара аӡҭарчы ахь ҳнеиит. Зоура 25 метра иҟаз зыҵаулара - 2,5 метра иҟаз аконструкциа ажәытә иҭахкаан, уажәы амыркаџьы акәшан игылоуп. Ахаҭа қәаӡыла иҭәуп, ибганы иҟам.

"Арантәи ихарамкәа амедпункт, абилиард асырҭа, афинтә ҽыкәабарҭақәа ыҟан. Иара убасгьы иҟан агидромассажтә аппарат. Аԥсны зынӡа иаҩызаз аҽак ыҟан – Ешыратәи аспортбазаҿ. Иара усҟантәи аамҭала 14 000 мааҭ иаԥсан, цқьа еилышәкаарц автомобиль "Волга" 9000 мааҭ иаԥсан", - лҳәоит Медико.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Ажәҩаҵшьыҩцәа Аԥсныҟа раара аанкылахеит 1992 шықәса рзы, аибашьра иалагаанӡа. Аҭагылазаашьа акыр еибарххан.

Аибашьраан акәзар абаза ахқәа ақәшәеит, нас амазара еимырҵәеит.

Аолимпиатә ҭоурыхқәа

Аспортбазаҟынтә быжьбаҟа минуҭ уныҟәара ашьҭахь галтәи аӡеизакырҭахь унеиуеит. Уи аҭбааҭыцәраз амшын ҳәа азырҳәоит. Ара имҩаԥысуан абаидаркақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа реиԥш СССР ачемпионатқәагьы 250, 500, 1000 метра рыла.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Виачеслав иажәақәа рыла, "амшын" зеӷьыҟам ҭыԥуп ажәҩаҵшьыҩцәа разыҟаҵаразы. Аӡы сырӡуп, еиҳа ихьанҭоуп ҳәа иҳәоит иара.

"Аратәи аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь аиндаҭларақәа еиҳа ирзымариахон", - иҳәоит иара.

Есыҽны аспортсменцәа аа-километрак иӡсаны иахысуан азыҟаҵаҩцәа рхылаԥшрала.

Ажәытә мардуан ҳаҿаланы ҳалбаауеит урҭ рыӡсара ахы ахьыркуаз аҭыԥ ахь. Ара иаабоит ажьакца иакхьоу, икыдҿаҳәалоу ашхәа.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

- Абарҭ рҩызцәа рыла иӡсозма? – иџьасшьоит сара.

- Мап, ҳәарада. Урҭ ашхәақәа зегь ргеит, еимырҵәеит", -  иҳәоит Виачеслав.

Галтәи "амшын" аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон москватәи Аолимпиада-80 ачемпионцәагьы. Урҭ дрылан еицырдыруаз Владимир Парфенович. Иара 500 метра ажәҩаҵшьраан аиааира игеит, амедалқәа ианашьахеит. Парфенович галтәи абазаҿ иҟазаара иаразнакы иаабеит.

- Шәахәаԥши, ара иану "Я БССР", - абетон ианыз аҩыра сназхьаԥшит сара.

- Парфенович иоуп. Белоруссиатәын, – иҳәоит Виачеслав.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

"Игәхьаазгоит"

Аолимпиада алахәхара насыԥны иоуит Виачеслав. Аицлабрақәа мацара рыдагьы абаидаркақәа рыжәҩаҵшьыҩцәа ролимпиадатә финалгьы далахәын. Азыҟаҵаҩ қәыԥш аӡбаҩцәа дрыцхраауан.

"Уи иухамшҭуа хҭысын. Адунеи ахы-аҵыхәантә зықьҩыла ауаа еизеит. Америкаа абаикот шадҟарҵалазгьы рацәак ибыргәымхеит. Афинал аҿтәи ҳҭагылазаашьа схашҭуам. Парфенович ахьтәы медал анига ажәҩан ҵаҳҟьон", - игәалаиршәоит Виачеслав.

Абаидаркақәеи аканоеи рыспортхкы Виачеслав иԥсҭазаараҟынтә 20 шықәса ақәиҵеит. Иааӡамҭацәа СССР еизгоу акоманда иалахәын, уажәы урҭ Урыстәыла, Болгариа, Естониа ркомандақәа азыҟарҵоит. 1992 шықәса рзы аспорт нижьыр акәхеит. Усҟан иара Қырҭтәыла акоманда азыҟаиҵон, аха дахьаԥснытәыз дахырҟьаны иусура дамырхит.

Арежим ӷәӷәа змаз "амшын": Аԥсны аолимпиатә ажәҩаҵшьыҩцәа шазыҟарҵоз

Виачеслав иҳәоит аԥхьақәа "амшын" ахь лассы-лассы дышнеилоз аха аамҭа иаратәы ҟанаҵеит.

- Абриаҟара аамҭа ззышәкыз аспорт гәхьаашәымгаӡои?

- Ҳәарада. Игәхьаазго мацара акәым ичмазараны исылоуп сҳәар ауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: