Беслан Кәыҵниа Аҳәынҭқарратә дачақәа русбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп

Беслан Кәыҵниа Аҳәынҭқарратә дачақәа русбарҭа аиҳабыс дҟарҵаанӡа Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа наигӡон.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Беслан Кәыҵниа Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа ахьынаигӡоз аҟынтә ихы дақәиҭтәны Аԥсны Аҳәынҭқарратә дачақәа русбарҭа аиҳабыс дҟаиҵеит, убри аан ари аҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп Сақаниа Фиодор Леонт-иԥа.

Беслан Кәыҵниа Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа наигӡалоит

Беслан Кәыҵниа диит 1964 шықәса рзы Очамчыра араион, Аҭара ақыҭан.

1990- 1995 шш. – Аҟәа ААР аусҭҵааҩ еиҳабы.

Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусбарҭақәа рҿы аус иуан.

1996-1997 шш. – Гәылрыԥшь араион апрокурор ихаҭыԥуаҩ.

1997 - 2005 шш. – атранспоттә прокурор ицхырааҩ.

2007 - 2012 шш. – Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ.

2020 шықәса ажьырныҳәа инаркны – Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа наигӡон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: