Ҳакзаара асимвол: Абираҟ амш Аҟәа ишазгәарҭаз

Sputnik

Абираҟ Амш азы Аҟәа имҩаԥган еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа, дара Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, аҳҭнықалақь ахадара Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы адепартаменти, Акультура аминистрреи рыдгыларала Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы еиҿнакааит.

Асааҭ 18:00 рзы ақалақь ахадара аҿаԥхьантә Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынӡа имҩаԥысит амото- маланыҟәа еиндаҭрала.

Афиниш ашьҭахь аҿар, арҿиаратә коллективқәа, аспортсекциақәа, аволонтиорцәа амшын аԥшаҳәа иқәсит Аԥсны абираҟ кны.

Асааҭ 19:30 рзы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иалагеит акәашаратә коллектив "Кавказ", Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр, ансамбль "Шьараҭын" аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы студиа "Иаирума" злахәыз аконцерт.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны. Аескиз азирхиеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Уи Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны ирӡахуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 17
Акәашарақәа, ашәаҳәарақәа, аныҟәарақәа, амилаҭтә маҭәа - абарҭ зегьы Абираҟ амш аҽны Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа рылагәырӷьон.
2 / 17
Амаланыҟәа иақәтәаз ауаа аҳәынҭқарратә бираҟ рыманы аҳҭнықалақь иалсит.
3 / 17
Амилаҭ маҭәа ршәын аныҳәа иалахәыз аӡәырҩы.
4 / 17
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынӡа имҩаԥысит амото-маланыҟәа еиндаҭрала.
5 / 17
Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 28 шықәса.
6 / 17
Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа акәашаратә коллектив "Кавказ", Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр, ансамбль "Шьараҭын" аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы студиа "Иаирума" злахәыз аконцерт мҩаԥган.
7 / 17
Амшын аԥшаҳәа иқәыҩуан аԥсуа ашәақәа. Инеиааиуан амилаҭ цәамаҭәа иаҵаҽырбоз аҿар.
8 / 17
Аконцерт анынҵәа ашьҭахь еиҵырхуеит абираҟ ду.
9 / 17
Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп.
10 / 17
Абираҟ амш иаҭааз зегьы рыла ихубаалон агәырӷьареи агәадуреи. Саси-ԥшәымеи ргәалаҟара бзиан.
11 / 17
Аныҳәа иалахәын ахәыҷӡақәагьы
12 / 17
1992 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи абираҟ, Аԥсуа-абаза жәлар раԥхьатәи рконгресс амҩаԥгараан, Владислав Арӡынба абаза жәлар рхаҭарнак Олег Етлухов ииҭеит. 2013 шықәса рзы ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра раԥхьатәи атрибут Аԥсныҟа ирхынҳәын. Иахьа уи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иҵәахуп.
13 / 17
Абираҟ аескиз азирхиеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Уи Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны ирӡахуан.
14 / 17
Аныҳәатә хәылԥазы ахь иааԥхьан аестрадатә шәаҳәаҩцәеи Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә музыкатә арҳәагақәа рансамбль.
15 / 17
Абираҟ амш азы аԥшаҳәаҿы акәашарақәа рацәан
16 / 17
Аԥсуа милаҭтә цәамаҭәа аиҳабацәа рыдагьы изшәыз ахәыҷқәа рацәан
17 / 17
Аныҳәатә хәылԥазы далахәын Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.