Ахақәиҭра иасимволу: ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ аҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукПризнание Сирией Абхазии
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп. Сынтәа иара иахыҵуеит 30 шықәса. Атәылаҿ ари амш иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа аанкылоуп ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ацәырҵшьеи иара шырӡахуази, символны иаанарԥшуеи Sputnik аматериал аҿы.

Абираҟ шцәырҵыз

Аескиз азирхиеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны ирӡахуан уи, иҳаланхоз ақырҭцәа рҟынтәи ашәарҭара ду шыҟазгьы. Аескиз аҟаҵараан автор ихы иаирхәеит Аԥсуа ҳәынҭқарра VIII - X ашәышықәсақәа раан иҟаз асимволқәа. Иаарту амаҿа зныз абираҟ ахашәыршәыруан Себастополис – иахьатәи Аҟәа - 12 шәышықәса раԥхьа. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ацәаҳәа шкәакәақәеи 1918 шықәса рзы иаԥҵаз, Аԥсны злахәыз, Ашьхарыуаа рреспублика аамҭахь ҳхьадырԥшуеит.

Олег Дамениа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2019
Арадио
Дамениа Аԥсны абираҟ азы: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿагылараҿы иаӡбаз рацәоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Армарахьтә арӷьарахь аиаҵәеи ашкәакәа ԥшшәи рыла зҽеиҭнызыԥсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа – шкәакәоуп. Хыхьла актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа иаҵәоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аԥсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ԥшшәы аԥсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа.

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ԥшшәахәыла иҟаԥшьу аԥшьыркца иаша, зоура абираҟ аура хыџьара ишаны хәҭак маҷк инеиҳау, зыҭбаара х-цәаҳәак ираҟароу. Аԥшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту арӷьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аԥсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырԥшуп. Аҟаԥшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп. Аԥшшәахәы ҟаԥшь ианубаало анапы шкәакәа – Аԥсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, 11 шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжьеҵәак Аԥсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигеҭиа), Бзыԥ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибӷа. Дара ирыҵаркуан аԥсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.

Абираҟ шыӡахыз

Асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа иескиз ала раԥхьатәи Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ аӡахра лнапы ианырҵеит Аҟәатәи аӡахырҭатә фабрика "Амодақәа рыҩны" аусуаҩ амодельиер Арда Аршаниаԥҳа-Арӡынԥҳа.

Аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2019
Ажәытәи аҿатәи ахьеилаӡҩо: ҳбираҟ ԥшьа ҳазнықәуа 27 шықәса ахыҵит

"Абираҟ аӡахра санналага инаркны афабрика аиҳабы иҭел ахь иқәмақарны иасуа иалагеит. Ацех аҟны аусура шәарҭахеит. Сареи аҽа ҩыџьеи, Шьалуа Занҭариеи Лида Ҭаркьылԥҳаи, аескизқәеи абеи ҳаманы аҩныҟа усура ҳрышьҭит. Асахьаҭыхҩы дааҳԥырымшәо дҳадтәалан, аусура шцоз хылаԥшра аиҭон. Џьара аиаҵәа амхны аҟаԥшь ашәҭ иҳәон, аҽаџьарагьы аҽак ириашон. Ҳара иреиӷьӡаз аизышәара ҟаҳҵар ҳашьҭан", — ҳәа лгәалалыршәоит Аршаниаԥҳа.

Абираҟ аусуратә вариантқәа Валери Гамгьиа акомиссиа ахәаԥшразы игон, уа акомиссиа алахәылацәагьы ариашарақәа ацырҵон ҳәа еиҭалҳәоит лара. Аҵыхәтәантәи авариант ибзиоуп ҳәа азхеиҵеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба. Убри ашьҭахь ауп ажәлар реизараҟны раԥхьаӡа акәны ианцәырыргаз 1,5 метра зоуреи 70 сантиметра зыҭбаареи наӡоз раԥхьатәи аԥсуа бираҟ.

"Аҟәа, ареспубликатә стадион аҟны еизаны иҟан Аԥсны ахи-аҵыхәеи рҟынтәи арымӡаа жәлар. Абраҟа, Лыхны ақыҭауаҩ аҽы дақәтәаны, абираҟ ихашәыршәыруа даақәлеит. Нас абираҟ амшын аԥшаҳәа иаваршәны иқәыргеит", — илгәалалыршәоит амоделиер.

1992 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи абираҟ, аԥсуа-абаза жәлар раԥхьатәи Аконгресс амҩаԥгараан, Владислав Арӡынба абаза жәлар рхаҭарнак Олег Етлухов ииҭеит. 2013 шықәса рзы ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра раԥхьатәи атрибут Аԥсныҟа ирхынҳәын. Иахьа уи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иҵәахуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0