Уаанӡатәи анардадаҩцәа Каманҟа узлацо амҩа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рыграфик еиларгеит. Ҿыц иадԥхьалоу анардадаҩцәа ҩымз рыҩнуҵҟа амҩа ҟаҵаны иалгароуп. Аусурақәа ирылгараны иҟан 2019 шықәсазы. Арҭ аусурақәа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит, иақәхарџьхоит 110 миллион мааҭ.